«Идырым асолдат Имш – ари даара асимволра зҵоу мшуп. Рыцҳарас иҟалаз, иахьа уажәраанӡа зыхьӡ еилкаамкәа иаанханы иҟоу Аџьынџьтәылтәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа маҷым. Аԥсны 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы хабарда ибжьаӡыз рыӡбахә рҳәоит, избан акәзар урҭ рыхьӡқәа рдыруеит. Зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз рыхьӡқәа еилкаамзаргьы, ргәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхароуп, еиҵагыло абиԥарагьы ирдыруазароуп урҭ рфырхаҵара атәы. Уи даара акыр аҵанакуеит! Ҳара ҳаԥсҭазаареи ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш лашеи хацәнымырха иазықәԥоз, Аԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы ашьа казҭәоз, зыԥсҭазаара ақәызҵаз ҳаҭырла иаҳгәалашәап иахьа!» – ҳәа иҳәеит В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи адиректор Мзиа Беиа.
*** Ԥхынҷкәынмза 3 арыцхә алхра – 1966 шықәса рзы Москва азааигәара анемец фашистә архәҭақәа рықәыхра 25 - шықәсра аҵра амш аҽны имҩаԥысыз Москватәи Акремль амҵан Алеқсандратәи абаҳча аҿы идырым асолдаҭ иԥсыбаҩ анышә амадара иадҳәалахеит. Иахьа Кремльтәи абааш амҵан игылоу амемориал рыуацәеи ирзааигәоу ауааи рҭахашьас иҟалази анышә иахьамадоуи аҭыԥ атәы ззымдыруа рзы ҳаҭырла агәалашәареи амҵахырхәара иазку ҭыԥны иҟалеит.