Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 3 – зылшарақәа ԥку ауаа Жәларбжьаратәи Рымш ауп. Ари амш азы, шықсқәак ирылагӡаны Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет еиуеиԥшым аспорттә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагоит.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет 1992-1893шш. рзы иҟаз аибашьра еиԥш аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәеи ирыдҳәалоу арыцҳаратә хҭысқәа ирыхҟьаны еиуеиԥшым ахәрақәеи аграқәеи зауз, иара убри ала зылшарақәа ԥкхаз ауаа алархәны ашьапылампылтә мачқәа, аҽырыҩрақәа, анарди астолтә ԥкьаҭмпыли рзы ахәмаррақәа еиҿнакаахьеит.
«Иарбоу аусмҩаԥгатәқәа рхықәкы хаданы иҟоуп – зылшарақәа ԥку ауаа рыԥсҭазаараҿы ирԥыло ауадаҩрақәа ртәы, иара убас зылшара ԥку ауаа ҩныҵҟала ишыӷәӷәоу, абжьааԥнытәи аԥсҭазааразы иҳараку амотивациа шрымоу ауаажәларра ргәалашәара», - ҳәа иазгәаҭоуп Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Амиссиа иаланарҵәаз апресс-релиз аҿы.
Сынтәа, зылшарақәа ԥку ауаа Жәларбжьаратәи Рымш аламҭалазы Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Амиссиа астолтә ԥкьаҭмпыл Афедерациа ацырхырааны Аҟәа ақалақь аҿы Гагра, Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очаичыра араионқәа рхаҭарнакцәа алархәны атурнир еиҿнакааит.
Атурнир ахыркәшамҭаз уи алахәылацәа аҳамҭақәа ранашьахеит.