АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Ԥхынҷкәын.2022

АГӘАБЗИАРА ЕИҶАҲАРЫЛА АЦКЛАԤШРА АКУЛЬТУРА АУАҨЫ ДАНЫХӘЫҶУ ИНАРКНЫ ИЛААӠАЛАТӘУП»: ЕДУАРД БЫҬӘБА АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АҾЫ АУСУРАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ахәаша, ԥхынҷкәынмза  2 рзы ареспублика апедиатрцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аилатәара рхы аладырхәит аминистр ихаҭыԥуаҩцәа Вахтанг Аҩардан, Саида Делба, ахәышәтәра-профилактикатә цхыраара азы Аусбарҭа анапхгаҩы Баҭал Кациа, атәыла апедиатр хада Ангелина Оҭырба, ахәышәтәра-профилактикатә цхыраара  азы Аусбарҭа  аспециалист хада Есма Гәыниа.

Аилатәара аҿы ареспублика араионқәа зегьы рҿы ахәыҷтәы ҳақьымцәа русура иалацәажәеит.  Аҳақьымцәа амедицинатә усбарҭақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьеи ицәырҵуа ауадаҩрақәеи ртәы рҳәеит.

Аспециалистцәа ргәаанагарала, апроблема хаданы иҟоуп ауааԥсыра алаҵа профилактика ахь ринтерес амаҷхара.

Едуард Быҭәба, аиҳарак ала амедицинатә усбарҭақәа рҿы аилыркаратә усура арӷәӷәара хымԥадатәиуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Аҳақьым ииашаны занаааҭдыррала ахәыҷы алаҵа изыҟаҵара ахымԥадатәра релыркаара илшуазароуп. Алаҵа ианаамҭоу аҟаҵара,  агәабзиара еиҷаҳарыла ацклаԥшра акультура ауаҩы даныхәыҷу инаркны илааӡалатәуп», - ҳәа иҳәеит иара.  

Аминистр ихаҭыԥуаҩ Саида Делба аспециалистцәа разымхара апроблемагьы ықәгылоуп ҳәа иазгәалҭеит. «Аиҳарак ари адифицит ҳара иаҳныруеит Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҿы, ҳара ари аҭагылазаашьа алҵра алҳаршароуп хымԥада», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.

Аштатнҭыҵтәи апедиатр хада Ангелина Оҭырба лажәақәа рыла, зынӡа ареспублика аҿы аус руеит 33 педиатр, аха уеизгьы уи азхо иҟам.

Аминистр ирҭаз адыррақәа рыла апедиатрцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра азы аусурақәа аанкылаӡам. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны аҳақьымцәеи амедиаҳәшьцәеи Манту, Диаскин-тест, БЦЖ амҩаԥгара азы акурсқәа, иара убас атуберкулиоз иаартым аформақәа заанаҵтәи раарԥшра азы асертификациатә курсқәа иахысраны иҟоуп.

Ирылацәажәеит иара убас амедусбарҭақәа иахәҭоу ахәшәқәеи амаругақәеи аныхтә маҭәахәқәеи, иара убас алаҵақәеи рыла реиқәыршәареи аҳақьымцәа русуратә ҭагылазаашьақәа реиӷьтәреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа.

Едуард Быҭәба, ареспублика апедиатрцәа алархәны имҩаԥгаз инарҭбаау аусуратә еилатәара аихшьаалақәа ҟаҵо, аполиклиникақәа, араионтә хәышәтәырҭа хадақәеи ахшараиурҭақәеи русеицура аҩаӡара ашьҭыхра хымԥадатәиуп ҳәа иазгәеиҭеит.


Read 346 times - Асабша, 03 Ԥхынҷкәын 2022 17:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.