АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Ԥхынҷкәын.2022

ЕЛЕНА ЛОЛУЕИ МАРИА ГЫЦБЕИ «УРЫСТӘЫЛА АԤЫЗА» ҲӘА АПРЕМИА РАНАШЬАХЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Афонд «Лидер» аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит ԥхынҷкәынмза 2 рзы Москва ақалақь, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иусқәа Рнапхгараҭара иатәу асасааирҭа «Золотое Кольцо» аҿы.  

Афонд ахылаԥшратә Хеилак аӡбамҭала, аилазаара-аоператор «Риҵа-тур» адиректор Хада Елена Лолуеи атуристтә еилазаара «Аҟәа-Абаза» адиректор Хада Мариа Гыцбеи атуристтә усхкы рлагала азы «Урыстәыла аԥыза» ҳәа  апремиа ранашьахеит.

Аҳамҭақәа рыҭара иазкыз ацеремониа ихы алаирхәит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба. Уи арҭ аҳамҭақәа занашьаз иахәҭаны иранашьахеит ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Ари аибашьрашьҭахьтәи аамҭа инаркны аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа иаазгоз раԥхьатәи атуристтә еилазаарақәа ҩба роуп. Урҭ Аԥсны атуристтә усхкы аҿиара аҿы рлагала ду алоуп», -ҳәа иҳәеит Ҭеимураз Хишба.  

Афонд «Лидер» – Урыстәылатәи Афедерациа иахьаҵанакуа асоциалтә хырхарҭа змоу акциақәеи егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи мҩаԥызго урыстәылатәи аиҿкаара ауп. Афонд аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа, инапхгаратәым аструктурақәа, ауаажәларратә  еиҿкаарақәеи абизнес-еилазаареи аус рыцура еиҿнакаауеит.


Read 402 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.