Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 4, 1992 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Аԥсны Аҳәынҭқарра арратә ҳамҭақәа: «Леон» Иорден, «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа Амедали «Агәымшәаразы» Амедали раԥҵара шьақәнарӷәӷәеит.
АԤСНЫ АФЫРХАҴА
«Аԥсны Афырхаҵа» — Аԥсны иреиҳӡоу аҩаӡара змоу алкааратә ҳамҭоуп.
Аԥсны Афырхаҵа ҳәа аҳаҭыртә хьӡы афырхаҵара иадҳәалоу, Аԥсны Аҳәынҭқарра азы хаҭалатәи, мамзаргьы аколлективтә лагалақәа рзы иранашьахоит.
Аҳаҭыртә хьӡы Аԥсны атәылауаа реиԥш, Аԥсны атәылауаҩра змам ахаҿқәагьы иранашьахоит.
«Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа Амедал ауаҩы игәаҿы, арымарахьала, Аԥсны Аҳәынҭқарра аорденқәеи амедалқәеи рхыхь иаҭаны иныҟәигоит.
Ари аҳамҭа анашьаразы Актәи Аусԥҟа ԥхынҷкәынмза 30, 1993 шықәса рзы иҭижьит Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба. Уи амш аҽны «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ рыхҵан 25-ҩык аибашьара иалахәыз, урҭ рахьынтә 15-ҩык ԥсрашьҭахь.
Леон Иорден
Леон Иорден Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьчараан ҷыдала иаарԥшыз агәымшәара, ахацәнымырхареи афырхаҵареи рзы иранашьахоит.
Леон Иорден ранашьахоит аруааи егьырҭ Аԥсны атәылауааи хазы игоу арратә ҟәшеиҵақәеи. Леон Иорден ранашьахар алшоит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩра змам ахаҿқәагьы.
Леон Иорден ранашьахоит:
Рхатә ԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы аибашьратә хҭысқәа рҿы иаарԥшыз афырхаҵара азы;
Арратә ҟәшеиҵақәа инарыгӡо арратә операциақәа иналукааша анапхгараҭара аан иаарԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы;
Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара ахьчараан рхатә ԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы иаарԥшыз афырхаҵара азы;
Аӷа иҟынтәи ӷәӷәала аҿагылара шыҟазгьы, арратә ҟәшеиҵақәа қәҿиарала инарыгӡаз аибашьратә хыдҵақәа ирыбзоураны аӷа ааха иҭареи, ма аиааира агареи, мамзаргьы мҽхакы ҭбаала арратә операциа қәҿиарала амҩаԥгареи рзы.
«АГӘЫМШӘАРАЗЫ» АМЕДАЛ
«Агәымшәаразы» Амедал анашьара мҩаԥысуеит: Аԥсны Аҳәынҭқарра аӷацәа рҿагылараан;
Ахатәы ԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыло арратә уалԥшьа анагӡараан хаҭала иаарԥшыз агәымшәара азы.