АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Ԥхынҷкәын.2022

АСЛАН БЖЬАНИЕИ РУСҬАМ МИННИХАНОВИ ГАГРЕИ ГӘЫЛРЫԤШЬИ РРАИОНҚӘА РЫҞНЫ АИНВЕСТИЦИАТӘ ҴАКЫ ЗМАЗ АОБИЕКТҚӘА ИРЫХӘАԤШИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи мышктәи иофициалтәым визитла ареспублика иаҭааз Ҭаҭарсҭан Ахада Русҭам Минниханови Гагреи Гәылрыԥшьи рраионқәа рыҟны аинвестициатә ҵакы змаз аобиектқәа гәарҭеит.

Русҭам Минниханов Аԥсныҟа иаара ахықәкы хаданы иамоуп аекономикеи атуризми рхырхарҭала аимадара арӷәӷәара.

«Иахьа дсасны даҳҭоуп ҳаиашьаратә Республика Ҭаҭарсҭан анапхгаҩы. Ҳара ҳаизыҟазаашьақәа акры рхыҵуеит. 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Ареспублика Ҭаҭарсҭан иаҳнаҭаз ацхыраара ахә ашьара уадаҩуп, усҟантәи аамҭазы  аҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа Владислав Арӡынбеи Минтимер Шаимиеви рыбжьара зхы акыз аиҩызаратә еизыҟазаашьа иахьа уажәраанӡа иацҵо ҳаауеит. Ҳара ҳаимадара ауаҩытәҩсатәи аекономикатәи ҵакыла рхарҭәаара ҳҽазаҳшәалоит,- иҳәеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа.

Рустам Минниханов  иазгәеиҭеит Аԥсынгьы Урыстәыла азгьы иуадаҩыз аамҭақәа рзы -  90-тәи ашықәсқәа раан аҩ-ҳәынҭқаррак рыжәларқәа акыр ишеизааигәаз. "Ҳара раҧхьатәи ҳхада Минтимер Шаимиеви Владислав Арӡынбеи алшарақәа рыҧшааит аицхырааразы. Хымԥада, ари аиҩызара еиқәханы иааиуеит. Ҳара даара иаҳҭахуп ара ҳаҟазарц, иаҳҭахуп ҳара ҳҳәынҭқарра ала аҧсуа бизнес Урыстәыла иҟазарц. Ҳара иахьа имаҷымкәа ҳныҟәеит, ҳрыхәачшит анхарҭатә ҭыԥқәа, ахыбрақәа. Иахьа  Аслан Гьаргь-иԥа иҟынтә исаҳаз агәҭакқәа даара ибзиоуп. Агәра згоит, иаарласны, саргьы ус исҭахуп, Аҧсны иҧшӡарҭоу ҭыҧхоит, избанзар Анцәа уи шәара анцәа ишәаҭәеишьахьеит. Иаҭаху, игәылыршәатәуп, ишахәҭоу аӡыргара аҭахуп", - иҳәеит Ҭаҭарсҭан Ахада.

Рустам Минниханов иазгәеиҭеит аинтерес зҵоу аинвестпроектқәа акыр шибаз, иахьа акырӡа аҵанакуеит аҵакырадгьыл ааидкыланы ииашаны арҿиара.

«Аԥсны уадзыԥхьало атуристә хаҿра амазароуп, избанзар ара иҟоуп аԥсшьаҩцәа аартә еиԥш, агәеизҳареи аҧсшьареи рызҭо зегьы Ари аусураҿы ҳара иаҳбарҭоуп асистематә знеишьақәа рацәаны", - иҳәеит Ҭаҭарсҭан Ахада. Иара иазгәеиҭеит адунеи аҟны аҧсуа мандаринқәа иреиӷьу шимбац, Аҧсны аҧсабареи аҳауеи ракәзар, ишыссиру.

«Сара сколлегацәа ирабжьызгеит ҳҧышәа рхы иадырхәарц. Ҳарҭгьы активла ауаажәларратә наӡааӡара арҿиара ҳаҿуп, аҧшаҳәа аиҿкаара ҳаҿуп, ҳхы иаҳархәоит аԥхьагылара змоу жәларбжьаратәи аҧышәа. Убри аҟынтә абри аҧышәа шәыцеиҩаҳшар ҳалшоит. Ҭаҭарсҭан идуу туристтә регионуп, Аԥсны иаҭаху зымҽхак ҭбаау аалыҵ аагара иазхиоуп», - ҳәа иҳәеит Рустам Минниханов.

Ҭаҭарсҭан Ахада аиашьаратә аҧсуа жәлар аизҳазыӷьара рзеиӷьеишьеит. «Агәра згоит, Аҧсны анапхгара иазԥхьагәарҭаз зегьы анагӡара шалшо, ԥеиԥш шамоу», - ҳәа иҳәеит иара.

 


Read 321 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.