АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Ԥхынҷкәын.2022

АПАРЛАМЕНТ АҞНЫ АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АИҲАБЫ ЛАША АШӘБЕИ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АФЕДЕРАЛТӘ ЕИЗАРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АХАНТӘАҨЫ ВИАЧЕСЛАВ ВОЛОДЛИНИ ОФИЦИАЛЛА РЕИԤЫЛАРА МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥарламент аҟны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини официалла реиԥылара. Урҭ ирҳәеит адепутатцәа рҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рыӡбара иазку русеицура алҵшәа бзиақәа шамоу.

Апарламентқәа рхадацәа алацәажәеит ҩ-ганктәи амш азҵаараҟны иқәгылоу иактуалтәу азҵаарақәа. Урҭ рахьтә ихадараны иалкаан аус зуа аиқәшаҳаҭратә база анагӡара шымҩаԥысуа хылаԥшра аҭара.

Аиԥылара иалахәын: аԥсуа ган аҟнытә – Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаа Фазлыбеи Аҩӡба, Асҭамыр Аршба, Ашот Миносиан, урыстәылатәи аган аҟнытә – Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Неверов, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәеи, евразиатәи аинтеграциеи, аџьынџьуаа рымадареи рзы Аҳәынҭқарратә Дума аилак ахантәаҩы Леонид Калашников, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу УА Аҷыдалкаатәи Азинмчи змоу Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.

Аиԥылара мҩаԥысит аиҩызареи аилибакаареи рҟазшьа аманы.


Read 256 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.