Items filtered by date: Ахаша, 29 Жьҭаара 2025
Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аҿы Аҳәынҭинспекциа ахатәы еилазаара амаҵзура анагӡареи адисциплина аҩаӡареи рышьҭыхра иазкны аилатәара мҩаԥысит. Атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Робет Кьиут акадртә еилазаара аиӷьтәреи амҩатә шәарҭадара арӷәӷәареи иазкны азԥхьанҵақәа ҟаиҵеит. Аилатәара рхы аладырхәит Автоҳәынҭинспекциа аусура ахылаԥшра азҭо аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа, иара убас Аусбарҭа аппарат Хада анапхгаҩцәа, Амҩа-ԥыԥшратә Маҵзура аԥыԥшырҭақәеи араионтә ҟәшақәеи рнапхгаҩцәа. Роберт Кьиут ихадоу ахыдҵақәеи аҭагылазаашьақәеи аликааит. Аминистр аҳәынҭқарратә номерқәа змам атранспорт алкаара аԥхьа иргыланы иҟаҵатәу усуп ҳәа иазгәеиеит. Уи аномерқәа рыҟамзаара, аиҳарак ареспублика мраҭашәаратәи ахәҭа аҿы, лассы-лассы амашьнырныҟәцаҩцәа аилагарақәа раарԥшра ацәцаразы ирымоу агәҭакқәа ирыдҳәалахоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. «Ашәҟәҭагаларатә дыргақәа рыда иныҟәо амашьынақәа зегьы иаанкыланы изтәу ирымхлатәуп», - ҳәа адҵа ҟаиҵеит Роберт Кьиут.
Сухум. 29 октября 2025. Апсныпресс. Совещание по вопросам качества несения службы и дисциплины личного состава Госавтоинспекции прошло в Управлении ГАИ МВД Абхазии. Вице-премьер, министр внутренних дел Роберт Киут озвучил ряд жестких требований, направленных на повышение дорожной безопасности и соответствия кадрового состава.
Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада, Арбџьармчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хада Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, алегендартә баталион «Горец» аибашьцәа рԥылара ихы алаирхәит.
Традициала есышықәса, Аиааира Амш аламҭалазы имҩаԥысуа еицеибашьуаз реиԥылара сынтәа хәыҷык игәҩанны имҩаԥысит.
Аҳәынҭқарра Ахада аԥсадгьыл ахьчаҩцәа Аиааира Амшныҳәа рыдиныҳәалеит, иҭабуп ҳәа реиҳәеит урҭ иаадырԥшыз ахацәнымырхареи афырхаҵареи агәымшәареи рзы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы жьҭаарамза 30 – 31 рзы А. Чехов еицырдыруа ипиеса ала иқәыргылоу аспектакль «Аҷныш» аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоуп.
Арежиссиор Мадина Аргәын апиеса аԥсуа бызшәахьы ишеиҭагаз, уи ақәыргыларазы 2021 шықәса раахыс ишазырхиаз, аха аобиективтә мзысқәа рыла аԥхьарбара аҽҳәара шахырԥаз атәы еиҭалҳәеит. 2025 шықәса, нанҳәамзазы ирҿыцыз актиортә еилазаарала аспектакль аус адулара ҩаԥхьа ихацдыркит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш азгәаҭара иазкны ихацыркыз аицлабра «Ашҭа цқьа» аихшьаалақәа ҟаҵоуп. Аицлабра «Аԥсны Акоманда» афиналистцәа, агәыԥ «Аекологиатә бзазара», «Акультуратә коди амалқәеи» раԥшьгарала, Аҟәа ақалақь Ахадара адгыларала аҩнеихагылақәа рышҭақәа рҟынтәи еиҳа ицқьоу ашҭа азы аицлабра мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.
Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» жәаҩык аспециалистцәа Волжсктәи аӡфымцатә станциа аҿы рыквалификациа ашьҭыхра азы акурсқәа ирхысуеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсменцәа 2025 шықәса жьҭаарамза 25 – 28 рзы Барнаул ақалақь аҿы имҩаԥысуаз арԥарцәа рыбжьара аӡиудо азы Жәларбжьаратәи атурнир аҿы қәҿиарала иқәгылеит. Жәларьжьаратәи аӡиудо Амши автомашьынарныҟәцаҩ Имши ирызкыз арҭ аицлабрақәа Европеи Азиеи рҟынтәи рхы аладырхәит 23 команда реилазаараҿы иҟаз 500-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа.
Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Асҭамыр Кациа жьҭаарамза 20 – 26 рзы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор ихраҿа агаразы аԥкьаҭмпыл азы атурнир аҿы аиҳабацәа ркатегориа иаҵанакуа аспортсменцәа рыбжьара қәҿиарала дықәгылеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсныҟа иааит ззанааҭ хырхарҭала еиуеиԥшым Урыстәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа ргәыԥ.
Урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа раара хықәкы хаданы иҟоуп – аԥснытәи рколлегацәа изаамҭанытәиу апроблемақәа рыӡбараҿы ацхыраара рыҭара, аусура аҩаӡара ашьҭыхразы аԥхьанатә иҟаҵатәу ауснагӡатәқәа ралкаареи атехникатә еиқәыршәареи иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рцәырҵраан ареспублика ауааԥсыра рыхьчара иазку ауснагӡатәқәа рынагӡара аҿы иҿыцу азнеишьақәа ралкаареи рганахьала адгылара рыҭара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80-шықәса аҵра иазку ашколхәыҷқәа рыбжьара XIX Ареспубликатә арра-спорттә хәмарра «Аиааира» хацыркхеит атәылахьчара Аминистрра Артиллериатә гәыԥ аҿы, ҳәа иаанацҳауеит Аҵарадырра аминистрра.
Аусмҩаԥгатә аартра иалахәын аҵара аминистр Хана Гәынԥҳаи атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Давид Бжьаниеи. Урҭ апатриот ҿарацәа ирыдныҳәалеит, ақәҿиарақәагьы рзеиӷьаршьеит.








