Зыкапан 25 кьыла еиҳау ашәыри ақыҭанхамҩатә аалыҵи хымԥада адеклорациа амазароуп, аҳазалхратә шәатәқәа ахшәаатәуп.
Афитосанитартә сертификат аҟамзаара, мамзаргьы атауар адеклорациа аҟамҵараан, аалыҵ Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵара инақәыршәаны урыстәыла аганахьала ирымхзар алшоит.
Иарбоу аҭагылазаашьақәа ԥхынгәымза 21, 2014 шықәса рзы иҭыжьыз «Аҵиаақәа ркарантин азы» Урыстәылатәи Афедерациа азакәан № 206-ФЗ, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә ҳәаа ала аужьҭра-гәаҭаратә ҭыԥқәа рҿы аус зуа акарантинтә фитасанитартә хылаԥшра амҩаԥгаразы аԥҟарақәа (2019 шықәса раахыс иҟоу аредакциа), Евразиатәи Аекономикатә Еидгылара (ЕАЭС) аҳазалхратә закәанеидкыла аԥҟарақәа уахь иналаҵаны, рыла ишьаҭаркуп.
Аҵиаатә аалыҵ аиагараан афитосанитартә сертификат аҟаҵара ахымԥадатәра аазырԥшуа анормақәа абар шьҭа ашықәсқәа инеиԥынкыланы аус руеит, урҭ атранспорт хкқәа зегьы, автомашьынақәеи аихамҩатә транспорти, уҳәа егьи атранспорт хкқәеи уахь иаҵанакуеит.
Аҳәаа ахысраан аилибамкаарақәеи адхаларақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы атәылауаа рахь аҳәара ҟанаҵоит ацитрусттә шәырқәа рыиагаразы ианаамҭоу иахәҭоу аусшәҟәқәа реиқәыршәара алдыршаларц.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы Аԥсны иалҵуа атәылауаа зегьы заанаҵы атауарқәа аҳазалхратә ҳәаа атауарқәа рахгара иазку аԥҟарақәа реилкаареи ишьақәыргылоу адҵақәа рынагӡареи рзы ааԥхьара ҟанаҵоит.






