АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Абҵара.2025

Урыстәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аспециалистцәа аԥснытәи рколлегацәа русушьа рбеит.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Ихыркәшахеит Урыстәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аспециалистцәа Аԥсны рыҟазаара.

Иҳаҩсыз амчыбжь иалагӡаны Урыстәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аспециалистцәа гәыԥҩык Аԥсны зегьы иахьҵанакуа аус руан. Урыстәылатәи аспециалистцәа ареспублика иахьаҵанакуа Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра араионтә ҟәшеиҵақәа иаҭааит, аԥснытәи рколлегацәа есыҽнытәи русура иазҿлымҳан, иахәаԥшит абылра-цәыхьчаратә ҟәшақәа ртехникатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу, ашьха иаԥну аҭыԥқәеи амшыни рҿы аусура иаҵоу аҷыдарақәа еилыркааит, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

«Инарҭбаау апрофессионалтә анализ аҩганк рҟынтәи аԥсеиқәырхаҩцәа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рыԥхьырҟәҟәаареи рыхҟьаԥҟьақәа рықәгареи рзы аусура аиӷьтәра азы конкретла аԥхьа инагӡатәу ауснагӡатәқәа ралкаара азы  аҭагылазаашьа рнаҭеит», - ҳәа иазгәаҭоуп адырраҭара аҿы.


Read 16 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.