АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 20:08

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Гәынба Бадра мҽхакыҭбаалатәи азыҟаҵарақәа реихшьала ҟаиҵеит, Арбџьар мчқәа 2026-тәи арҵаратә шықәсазы разыҟаҵаразы адҵақәа риҭеит.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Гәынба Бадра мҽхакыҭбаалатәи азыҟаҵарақәа реихшьала ҟаиҵеит, Арбџьар мчқәа 2026-тәи арҵаратә шықәсазы разыҟаҵаразы адҵақәа риҭеит

Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, ииасыз аҵарашықәс хыркәшахеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟала мҽхакыҭбаала иеиҿкааз ҩ-ганктәи аоперативтә-тактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгарала.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит азыҟаҵарақәа ирылахәыз — аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа инадыркны архәҭақәа рҟынӡа зегьы атәыла аибашьратә шәарҭадара  алыршара иазку ауснагӡатәқәа рынагӡаразы хәы змоу аԥышәа шроуыз.

Иалыршан атәылаҟны арра-политикатә ҭагылазаашьа аҿиараан зыҩаӡара ҳараку аусбарҭабжьаратә усеицура.

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит «атәыла ахьчара Арбџьар мчқәа инарыгӡо уснагӡатәқәа мацараны ишыҟам, уи аполитикатә, аекономикатә, асоциалтә, азинтә уснагӡатәқәа еидызкыло системаны ишыҟоу», аҩаӡарақәа зегьы ирыҵаркуа  аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рнапы ианиҵеит атәылахьчара комплексла разыҟаҵара алыршара.  

Адҵаҟаҵаҩ хада иалкааны иазгәеиҭеит 2026-тәи арҵаратә шықәса ауснагӡатә хада   — Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахьала агрессиа аҿагыларазы Арбџьар мчқәа еснагьтәи разхиара, уи аҵакырадгьыл акзаареи акьымсреи рыхьчара, иара убас Аԥсны жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аидгыларатә хыдҵақәа рынагӡара.

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит атәылахьчаралшара аҳәынҭқарратә политикаҟны ԥыжәара змоу хырхарҭаны ишаанхо, ашәарҭадареи иҭышәынтәаланы аҿиареи алзыршо акәны ишыҟоу ҳаамҭазтәи, лыҵшәа змоу Арбџьар мчқәа рыҟазаара.

Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рнапхгара иалкаау адҵақәа риҭеит.   --Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба  ихыркәшахаз арҵаратә шықәс аихшьаалақәеи  2026-тәи арҵаратә шықәсазы адҵақәеи ҟаиҵеит.

Иҳаҩсыз ашықәс хыркәшахеит аҩганктәи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рыла. Урҭ аҵыхәтәантәи ашықәс азы зегьы реиҳа мҽхакы ҭбаала имҩаԥгахаз иреиуоуп.

Ҷыдала хшыҩзышьҭра ду аҭоуп аибашьратәи амобилизациатәи зырхиара аҩаӡара ашьҭыхра, Арбџьар мчқәа, амчратә еилазаарақәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыбжьара напхагараҭареи аусеицуреи рсистема аиӷьтәра.

Азеиԥш зыҟаҵарақәеи ашьцыларақәеи

Адҵаҟаҵаҩ хада адҵа ҟаиҵеит 2026 шықәса аҩныҵҟала Арбџьар мчқәа  напхгара рыҭара иазку аштабтә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара ишиашоу агрессиа ашәарҭа аныҟоу аамҭазы, аибашьраан, аҵакырадгьыл хыхьчара амҩаԥгараан. Иара убас рнапы ианҵоуп  адҵаҟаҵара-штабтә ҵара амҩаԥгара агәыԥтә архәҭакәа алархәны.

Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада, Арбџьар мчқәа Аштаб хада анапхгара рыдҵала иалагалахоит атәыла ашәарҭадара алыршара азырхиареи иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан аҳәынҭқарратә еилазаарақәа русеицура иазынархоу  аусбарҭабжьаратә зыҟаҵарақәа.

Аҵакырадгьылтә хыхьчареи азанааҭтә зыҟаҵареи

Бадра  Гәынба адҵа ҟаиҵеит дасу изызку ала ауснагӡатәқәа хымԥада рынагӡара алыршара иазынархоу амчқәа разыҟаҵареи аҵакырадгьылтә хыхьчареи рхархәагақәа иҷыдоу рформақәа разԥхьагәаҭаразы.

Иара убас Адҵаҟаҵаҩ хада адҵа ҟаиҵеит  Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи иоперативтәу аилазаара рзанааҭ-маҵзуратә зыҟаҵара  ацҵаразы аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи амчратә еилазаарақәеи рмаҵзурауаа  радԥхьаларала.

Рнапы ианҵоуп аоперативтә-тактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара агәыԥтә архәҭакәа алархәны, Адҵаҟаҵаҩ хада  хаҭала иахылаԥшрала.

Амобилизациатә зыҟаҵара

 2026-тәи аҵарашықәс азы амобилизациатә зыҟаҵара уснагӡатә хаданы иарбоуп аҳәынҭқарратә напхгараҭара ихадоуи аҭыԥантәии аусбарҭақәеи   Арбџьар мчқәеи ҳәоуеиқшәарала русеицура амобилизациатә зыҟаҵареи амобилизациеи рызҵаарақәа рыла.

Бадра Гәынба ҷыдала араионқәеи Аҟәа ақалақьи радминистрациақәа рыхшыҩ азишьҭит дасу хаҭала ирыду аҭакԥхықәра ирыду арратә маҵзурахьы аапхьара аиҿкаареи амобилизациатә уснагӡатәқәа рынагӡареи рзы.  

Адҵаҟаҵаҩ хада  идҵала амобилизациатә зыҟаҵараҟны ихадоу амчқәа азкызароуп Ареспубликеи уи араионқәеи рыҟны арра-економикатәи амоблилизациатәи лшарақәа рыҭҵаареи раҳасаббареи, амобилизациа азыҟаҵареи амҩаԥгареи, аҵакырадгьылтә хыхьчара ауснагӡатәқәа рыӡбареи раан Арбџьар мчқәа рзы урҭ рхархәара, иара убас аҭыԥантәи анапхгаратә усбарҭақәеи, Арбџьар мчқәеи, амчратә еилазаарақәеи русеицура.

Амобилизациатә зыҟаҵарақәа шьаҭас ирымоуп аштабқәеи арратә комиссариатқәеи разыҟаҵара ашьҭыхреи Арбџьар мчқәа имобилизациатә еиҿкаара напхгара аҭаразы урҭ русура аиқәшәареи.

Адҵаҟаҵаҩ хада  адҵа ҟаиҵеит адҵаҟаҵара-штабтә мобилизациатә зыҟаҵарақәеи аштабтә зыҟаҵарақәеи рымҩаԥгаразы ар аҭынч ԥсҭазаараҟнытә аибашьратә ашҟа риагаразы.

Аибашьратә зыҟаҵара

Адҵаҟаҵаҩ хада  2026-тәи аҵарашықәсазы  уснагӡатә хаданы иаликааит ар разыҟаҵара асистема аԥҵара хықәкыс ирзықәгылоу азы ауснагӡатәқәа рынагӡара разырхиара алыршара иазку.

Бадра Гәынба рнапы ианиҵеит аибашьратә зыҟаҵара азԥхьагәаҭара амҩаԥгара ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа раан аибашьратә хҭысқәа рымҩаԥгашьақәа рыԥсахра ҳасаб азурала.

Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭоуп ар разыҟаҵара аформақәа реиӷьтәра, арҵаратәи  аматериал-техникатә база арҿиара, разыҟаҵара арццакреи алҵшәамазаареи, хаҭалатәи аилазаареи аиҵахәҭақәеи реиқәшәара. Хазы адҵа ҟаҵоуп адҵаҟаҵаҩцәа еиҵбацәа,  аоператорцәа, ԥырҩыда аԥырратә аппаратқәа рзы аԥырҩцәа разыҟаҵара.   Арҵара аформа хадақәаны иалкаауп атактикатәи атактикатә-ҷыдатә зыҟаҵарақәа иеиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа раан, ҽынлагьы уахынлагьы.

Агәаҭареи аихшьалақәа рыҟаҵареи

Адҵаҟаҵаҩ хада Аштаб хада анапы ианиҵеит азыҟаҵарақәа зегьы реихшьалақәа рыла ажәахәқәа разырхиара, алҵшәақәа рыхәшьарақәеи, ицәырҵыз ауадҩарақәеи урҭ раԥыхразы ажәалагалақәеи арбаны.   Аҵарашықәс ахыркәшара ашьҭахь Аштаб хада  Адҵаҟаҵаҩ хада  иҟны инанагоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа разыҟаҵара асистема аиӷьтәреи аибашьратәи мобилизациатәи зыҟаҵара арӷәӷәареи рсистема аиӷьтәра иазку ажәалагалақәа.

 

 

 

 


Read 41 times - Ахаша, 05 Абҵара 2025 17:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.