Items filtered by date: Аҩаша, 20 Нанҳәа 2024
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҳәаанырцәтәи атәылауаа закәаншьаҭада атәыла излалалоз амҩа аанарԥшит.
Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа аҳәаанырцәтәи атәылауаа закәаншьаҭада, официалла ишьақәыргылоу аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥқәа рхыкәшарала Қырҭтәылантәи атәыла излалалоз амҩа аадырԥшит.
Нанҳәамза 17, 2024 шықәса рзы, Гал араион Бгоура (уаанӡа- Аҩбатәи Отобаиа) ақыҭан иаанкылан Аԥсны анхаразы азиншәҟәы змаз, Қарҭ атәылауаа ҩыџьа —1964 шықәса рзы ииз Ремикои 1967шықәса рзы ииз Мурҭази Ҷыҭанаа.
Ҷыҭанаа рыҩны аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа иаԥнуп. Дара закәаншьаҭада аҳәаа иахысыр зҭахыз ирыцхраауан ҳәа азгәарҭоит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҿы.
Иаанкылаз Мурҭази Ремикои Ҷыҭанаа рынхарҭаҿы имҩаԥгаз аԥшаарақәа раан ирбеит арҭҟәацгақәа - аграната F1, анапытә граната РГД 5, 1,600 грамм (1,6 кьыла) арԥжәагеи, еиуеиԥшым ахҭаларшә змоу ахқәеи, аԥареи.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа иара убас иааныркылеит изакәанымкәа Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахыҵра зҽазызшәаз ҩыџьа Урыстәыла атәылауаа. Иаанкылаз Дмитри Денисови Александр Лузенини аҳәаа рахыҵраҿы дрыцхраауан 1979 шықәса рзы ииз Арчил Сақаниа. Уи аԥхьа Урыстәыла атәылауаа Аԥсныҟа иааит иԥаршеиу атәылауаҩшәҟәқәа рыла.
Иаанкылаз рганахьала ихымԥадатәиу аусеилыргаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит.
«Иарбан кадрзаалакгьы – ари амацәысеимҟьара иаҩызоу цәырҵроуп» Инесса Лакоиа лфотоцәыргақәҵа мҩаԥысит Аԥсны аԥарақәа рмузеи аҟны.
Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Амилаҭтә Банк аԥарақәа Рмузеи аҟны еицырдыруа афотограф, ажурналист, адокументалтә фильиқәа «Лара лоуп», «Мусор» равтор Инесса Лакоиа лфотоцәыргақәаҵа аатит. «Иарбан кадрзаалакгьы – ари амацәысеимҟьара иаҩызоу цәырҵроуп» ҳәа ахьӡ змоу ацәыргақәҵа цәыббрамза 5-нӡа аус аулоит.
Инесса Лакоиа, Москва афотосахьақәа Ракадемиа доушьҭымҭоуп, иара убас уи дрылгеит Игорь Новиков иавтортә школи Алексеи Корзов ишколи, Vogue (Italy), Untold (Greece), Artells magazine (New York), Fashion France (New York), L'attirance (France), Quadro (Milan, Italy), Figgi (Milan, Italy), Exanima (Corcoran), Marika (New York), Inco (Stockholm, Sweden), Isabella (Toronto, Canada) реиԥш иҟоу аҭыжьымҭақәа рҿы ианылахьоу лусумҭақәа рыла деицырдыруеит
Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы асааҭ 10:00 инаркны 12:00 рҟынӡа апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыслоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы Аԥсны атәылауаа Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы нанҳәамза 21, 2024 шықәса, асааҭ 10:00 инаркны 12:00 рҟынӡа апрофилатиатә усмҩаԥгатәқәа шымҩаԥысло азы адырра рынаҭоит.
Хьыбла Герзмааи Игорь Бутмани рконцерт мҩаԥысит.
Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Алексеи Шамба/. XXII Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ашәахьа, нанҳәамза 19 рзы, Аҟәа ақалақь, атеатралтә ашҭа аҿы имҩаԥысит аџьазтә концерт.
Хыԥхьаӡара рацәала аконцерт ахь иааз ахәаԥшцәа рҟазарала ргәалаҟазаара шьҭырхит Аԥсни Урыстәлеи Жәлар рартистка Хьыбла Герзмааи Урыстәла Жәлар рартист, асаксофонрҳәаҩы Игорь Бутмани Сергеи Макеев напхгара зиҭо аџьаз-бенди.
Ақәгылара иалагаанӡа Хьыбла Герзмаа, мчыбжьқәак рышьҭахь Урыстәыла ақалақьқәа рахь агастрольтә тур ду алагоит, абҵарамзазы афестиваль раԥхьаӡа акәны Китаи имҩаԥысуеит ҳәа иазгәалҭеит.
Красивые синкопы и «вкусные» диссонансы: как прошел концерт Хиблы Герзмава и Игоря Бутмана
Сухум. 20 августа 2024. Апсныпресс /Алексей Шамба/ Джазовый концерт в рамках XXII Музыкального фестиваля «Хибла Герзмава приглашает…» прошел в понедельник, 19 августа, на театральной площади в Сухуме.
Алеқсандр Анқәаб Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә Маҵзура аҳәаахьчаратә хылаԥшра Адепартамент аиҳабыс иҟаҵоу Сергеи Шьедрин дидикылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аҳәаахьчаратә хылаԥшра Адепартамент анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-леитенант Рафаель Даербаев Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб диирдырит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә Маҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә Усбарҭа анапхгаҩ ҿыц, аинрал-маиор Сергеи Шьедрин, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Аиԥылара ихы алаирхәит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Алеқсандр Анқәаб Амаҵзура уаанӡатәи аиҳабы Андреи Кудимов иусуразы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит, уи Аԥсны амчратә усбарҭақәа аус ахьрыциуаз ахәшьара ҳарак аиҭеит, аринахысгьы иусураҿы ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит.
Ԥшьшықәса инеиԥынкыланы Аԥсны имҩаԥыргоит Аинар Кәыҵниа игәалашәара иазку абокс азы атурнир.
Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аспорт азҟаза Аинар Кәыҵниа игәалашәара иазку абокс азы IV Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысит Аҟәа ақалақь аҿы. Сынтәа уи аԥснытәи аспортсменцәа рнаҩс рхы аладырхәит Москва, Санкт-Петербург, Шәача ақалақьқәа, иара убас Чукотка рҟынтәи аспортсменцәа.
Абокс азы азыҟаҵаҩ Иракли Цурцумиа, 23 шықәса зхыҵуаны зыԥсҭазаара ҿахҵәаз Аинар Кәыҵниа ауаа дырдыруаеит, дыргәалашәоит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Уи игәалашәара аҳаҭыр азы ари атурнир мҩаԥысуеит. Ҳаԥхьаҟа еиҳа аспортсменцәа радыԥхьаларазы атурнир ҩымштәины аҟаҵаразы азԥхьагәаҭарақәа ыҟоуп», – ҳәа иҳәеит Иракли Цурцумиа.
Жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы» Пицунда ақалақь аҿы аусура хыркәшахеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Пицундатәи апансионат «Литфонд» аҿы VI Жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы» аркра иадҳәалоу аныҳәатә церемониа мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҵара Аминистрра апресс-маҵзура.
Ари апроект рхы аладырхәит Гагра араион аҟынтәи арҵаҩцәа. Ашкол – арҵаҩцәа, Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи аконкурсқәа «Ашықәс арҵаҩы» алауреатцәеи аԥснытәи арҵаҩцәеи рыбжьара аԥышәеимадара азы хра злоу алшара аԥнаҵеит.
Аҽазыҟаҵарақәа ԥшь-хырхарҭак рыла имҩаԥысуан: ашколнӡатәи аҵара, аԥсуа бызшәа, алагарҭатә школ, абаҩарҵәыратә культура.
Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа аԥхынтәи ашкол алахәылацәа аџьшьаратә шәҟәқәеи аҳамҭақәеи ранеишьеит, апансионат «Литфонд» адиректор – апансионат абиблиотека ахарҭәааразы ашәҟәқәа ҳамҭас ииҭеит.
Ԥсоуи Егри еимаздо ареспубликатә мҩаду аҿы иҟалаз амҩатә машәыртә хҭыс иахҟьаны хаҵак дҭахеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Нанҳәа 20 ашьыжь, асааҭ 8 рзы, Ԥсоуи Егри еимаздо ареспубликатә трасса 55-тәи акилометр аҿы, Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭа иахьаҵанакуа иҟалаз амҩатә машәыр аҟны 1974 шықәса рзы ииз ахаҵа дҭахеит», – ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Автоҳәынҭинспекциа аиҳабы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Дамеи Аҩӡба.
Автомашьына аԥсҟы зкыз Анқәаб, инеиужьу ацәаҳәа аҿы аԥысра аманиовр анагӡараан арымарахь еихаҵәиуаз амашьына даахеит. Уи иахҟьаны Анқәаб имашьына ааҳәит.
Афонд «Иаҳгәалашәоит» хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз, иҭахаз Альберт Агиров иан лзы ауаҭах аахәара азы аԥаратә хархәагақәа реизгара азы алаҳәара ҟанаҵеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Агәыҳалалратә фрнд «Иаҳгәалашәоит» хатәгәаԥхарала Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы еибашьуаз, Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы иҭахаз Альберт Агиров иан лзы Черқьеск ақалақь аҿы ауаҭах аахәара азы аԥаратә хархәагақәа реизгара азы алаҳәара ҟанаҵоит. Аԥсны иара убас деибашьуан Нина Агирова егьи лыҷкәынгьы. Иара аибашьра зегьы аснаиперс дыҟан. Иԥсҭазаара далҵит 2005 шықәсазы.
Зықәрахь инеихьоу аԥҳәыс Ҟарачы-Черқьесстәи Ареспублика аул Аԥсуа аҿы дынхоит. Лара иахьа ацхыраара лҭахуп. Нина Агирова 100-шықәса лхыҵратәи аиубилеи аламҭалазы Афонд «Иаҳгәалашәоит» ахаҭарнакцәа ирыӡбеит аԥарақәа реизгаразы алаҳәара ҟарҵарц. Аԥаратә хархәагақәа рыиагаразы ареквизитқәа: