«Иҟалаз амашәыр иахҟьаны амашьына аԥсҟы зкыз ахаҵа иоуз ахәрақәа рҟынтәи иаразнак дҭахеит», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Дамеи Аҩӡба.
Егьи амашьына аԥсҟы зкызи иҭатәаз апссаџьырцәеи еиуеиԥшым ахәахәарақәеи ахәрақәеи роуит. Урҭ иаразнак амедицинатә цхыраара рыҭаразы ахәашәтәырҭахь инаган.
Амашәыртә хҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ахь иаразнак инеит амҩа-ԥыԥшратә маҵзура аусзуҩцәеи ирласу амедицинатә цхыраара абригадеи.
Аҭыԥ аҿы ашьаусҭҵааратә гәыԥ аус руеит. Иҟалаз амзызқәа рышьақәыргылара иаҿуп.
«Ҳара иҭахаз ахаҵа иуацәеи иҭынхацәеи ҳрыдышшылоит. Ҳтәылауаа аусеилыргара амҩаԥысшьеи имҩаԥгоу ауснагӡатқәеи рзы оперативла адырра раҳҭалоит», – ҳәа иҳәеит Автоҳәынҭинспекциа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Дамеи Аҩӡба.