Аҟәа. Нанҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа аҳәаанырцәтәи атәылауаа закәаншьаҭада, официалла ишьақәыргылоу аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥқәа рхыкәшарала Қырҭтәылантәи атәыла излалалоз амҩа аадырԥшит.
Нанҳәамза 17, 2024 шықәса рзы, Гал араион Бгоура (уаанӡа- Аҩбатәи Отобаиа) ақыҭан иаанкылан Аԥсны анхаразы азиншәҟәы змаз, Қарҭ атәылауаа ҩыџьа —1964 шықәса рзы ииз Ремикои 1967шықәса рзы ииз Мурҭази Ҷыҭанаа.
Ҷыҭанаа рыҩны аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа иаԥнуп. Дара закәаншьаҭада аҳәаа иахысыр зҭахыз ирыцхраауан ҳәа азгәарҭоит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҿы.
Иаанкылаз Мурҭази Ремикои Ҷыҭанаа рынхарҭаҿы имҩаԥгаз аԥшаарақәа раан ирбеит арҭҟәацгақәа - аграната F1, анапытә граната РГД 5, 1,600 грамм (1,6 кьыла) арԥжәагеи, еиуеиԥшым ахҭаларшә змоу ахқәеи, аԥареи.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа иара убас иааныркылеит изакәанымкәа Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахыҵра зҽазызшәаз ҩыџьа Урыстәыла атәылауаа. Иаанкылаз Дмитри Денисови Александр Лузенини аҳәаа рахыҵраҿы дрыцхраауан 1979 шықәса рзы ииз Арчил Сақаниа. Уи аԥхьа Урыстәыла атәылауаа Аԥсныҟа иааит иԥаршеиу атәылауаҩшәҟәқәа рыла.
Иаанкылаз рганахьала ихымԥадатәиу аусеилыргаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҿы иара убас иазгәарҭоит аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рҟынтәи акриминалтә структурақәа рхаҭарнакцәа Аԥсныҟа алаларазы аҳәаатә режим аилагара аҽазышәарақәа еиҳа ишырацәахаз.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аоперативтә маҵзурақәеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура иатәу Аҳәыхьчаратә Усбарҭеи еицымҩаԥыргаз аопеартивтә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны иаанкылахеит 13 - ҩык, урҭ рганахьала ашьаусеилыргарақәа хацыркуп. Иаанкылаз рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Иорданиа, Ҭырқәтәыла, Алжир, Палестина атәылауаа.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҿы ас еиԥш иҟоу ацәгьоурақәа рыԥхьырҟәҟәаара азы аумҩаԥгатәқәа рыплан шьақәдыргылеит.