«Абри инадҳәаланы ишәгәалаҳаршәоит Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу ҳәынҭқарраны ишыҟоу, аҳәынҭқарра амазаарагьы акыр шәышықәса ишырҭысуа. Аԥсуа жәлар ақырҭуа колониализм иаҿагыланы рықәԥареи ақырҭуа агрессиа иаҿагыланы рхақәиҭреи рхьыԥшымреи рзы азакәаншьаҭа змоу рзин ахьырыхьчази ЕАР Аԥҟаԥҵәа апринцип хадақәа ирықәшәоит.
Ҳгәы ацәыхьшәашәаны иаҳҳәоит жәларбжьаратәи аилазаара ахаҭарнакцәақәак жәларбжьаратәи азин апринцип хадақәа дара ринтересқәа ишрыдырҳәало.
Инаҵшьны иазгәаҳҭоит Аԥсны иқәынхо ажәлар ахьыԥшымраз рҭахрақәа 1999 шықәса жьҭаара 3 азы ареферендум амҩала ишазхарҵаз 1994 шықәсазы ирыдыркылаз Аконституциаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу, идемократиатәу, изинтәу ҳәынҭқарроуп ҳәа иарбаз аилкаара. Жьҭаара 12 1999 шықәсазы ареферендум аихшьаалақәа шьаҭас иҟаҵаны Аԥсны жәлар Реизара-Апарламент иаднакылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы Ашәҟәынҵа.
Аҽазныкгьы жәларбжьаратәи аилазаарахь ааԥхьара ҟаҳҵоит арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьа обиективла ирыдыркыларц.
Ааԥхьара ҟаҳҵоит жәларбжьаратәи азин апринципқәеи анормақәеи инарықәыршәаны Аԥсны ажәлар ргәаҳәара азхарҵарц, иазхарҵарц Кавказ анҭыҵ ишьақәгылаз аполитикатә реалиақәа, зыҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра ихьыԥшым ҳәынҭқарраны ишьақәгылоу», - ҳәа иаҳәоит Аԥны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа иҟанаҵаз ахҳәаа атекст аҿы.