Items filtered by date: Ахаша, 18 Ԥхынҷкәын 2024
Кафказ Аҭрышба иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь Леон иорден ианашьоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа Бадра Гәынба аԥсуа дипломат Кафказ Аҭрышба иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь Леон иорден ианашьара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Абри атәы аанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.
Акриптовалиута арҳара иазку 12 цыра аппарат Аҟәа ақалақь аҿы ирыԥшааит.
Аҟәа. Аԥсныпресс 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» азинхьчаратә ҟәшеиҵа аусзуҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа рыцырхырааны акриптовалиута арҳара иазку 12 цыра аппарати уи афымцамч ала еиқәзыршәо амаругақәеи рыԥшааит.
Аппаратқәа рҟынтәи хԥа афымцацәаҳәақәа иаҿакын, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҿы.
ААУ аҿы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра Амш азгәарҭеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы ахаша, ԥхынҷкәынмза 18 рзы Аԥсны асахьаркыратә литература апатриарх Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Аусмҩаԥгатә амҩаԥгаҩ, аԥсуа бызшәеи алитературеи ркафедра арҵаҩы Инал Гыцба иқәгылараҿы Дырмит Гәлиа ирҿиаратә усура аԥсуа литература азы иаҵанакуаз атәы дазааҭгылеит.
Еизаз идырбан апоет изкыз адокументалтә фильм «Агәалашәара иаԥсахаз аԥсҭазаара» («Жизнь, достойная памяти»). Ауниверситет ахолл аҿы иаадыртит ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаара еиуеиԥшым аетапқәа ртәы аазырԥшуаз афотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа.
Аԥсны асахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы, алингвист, афольклор аизгаҩ, арҵаҩы, адоуҳатә культура арҿиаҩы, жәлар рпоет Дырмит Гәлиа ииубилеи инамаданы астудентцәа рахь ихы рханы дықәгылеит аҵарауирҭа аректор Алеко Гәарамиа.
80 тонна амандаринеи 30 тонна аԥаҭлыкақәа ирҭоу аӡрыжәтәи Аԥснынтәи афронт иаԥну Урыстәыла иҿыцу арегионқәа рахь идәықәҵахеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Аԥснынтәи афронт иаԥну Урыстәыла иҿыцу арегионқәа рахь агуманитартә еидара адәықәҵара ихы алаирхәит.
Аспорттә хыбрақәеи аобиектқәеи ринвентаризациа азы акомиссиа аԥҵоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аҳәынҭқарратә напхгараҭара хадақәеи аҭыԥантәи анапхгаратә усбарҭақәеи рнапаҵаҟа иҟоу аспорттә хыбрақәеи аобиектқәеи ринвентаризациа азы акомиссиа аԥҵара азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.
Акомиссиа ахантәаҩыс дҟаҵоуп Ареспублика Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Хәытаба.
Акомиссиа аилазаараҿы иҟоуп:
12 аппаратов для добычи криптовалюты изъяли в Сухуме
Сухум. 18 декабря 2024. Апсныпресс. Сотрудники правоохранительного подразделения таможенного поста «Псоу» совместно с сотрудниками СГБ Абхазии выявили 12 аппаратов для добычи криптовалюты, а также восемь блоков питания.
Наала Ҳашыг: атәыла аԥсаҵла хада арлашара адизельтә генераторқәа рхархәарала имҩаԥгахоит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ашықәс Ҿыц аҟынӡа ҩымчыбжь роуп иаанхаз. Амҩақәа, аҩнқәа, адәқьанқәа аныҳәатә гәалаҟазаара зырҿио аԥсаҵлақәеи арлашагатә еихаԥсақәеи рыла ирҩычахьеит.
Аҟәа ақалақь Ахадара акультура Аусбарҭа аиҳабы Наала Ҳашыг Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, ашықәсыҿцтәи ахәаахәҭратә цәыргақәҵеи еиҿкаахо егьырҭ аныҳәатә усмҩаԥгатәқәеи ртәы еиҭалҳәеит.
Наала Ҳашыг лажәақәа рыла, аклассикатә ԥштәқәа аҟаԥшьи ахьыԥштәи рыла иҩычоу атәыла аԥсаҵла хада аныҳәатә аартра мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмза 20 рзы.
Аԥсны алхратә комиссиа Хада Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат иқәыргыларазы раԥхьатәи аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәҭагалара мҩаԥнагеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны алхратә комиссиа Хада ашәҟәы иҭанагалеит атәыла Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы кандидатс дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ.
Аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа ашәҟәҭагаларазы аршаҳаҭга бӷьыцқәеи анапаҵаҩратә бӷьыцқәеи рыҭан. Урҭ еизыргароуп 2000 иреиҵамкәа, 2500 иреиҳамкәа алхыҩцәа рнапынҵамҭақәа.
«Аԥсны алхратә комиссиа Хада ашәҟәы иҭанагалеит зхыԥхьаӡара 18-ҩык рҟынӡа инаӡо, атәыла Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы кандидатс дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
Аминистрцәа Реилазаара аҿы аенергетикатә шәарҭадара азы Аштаб аилатәара мҩаԥысит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы аенергетикатә шәарҭадара азы Аштаб аилатәара мҩаԥысит.
Аилатәара иалахәыз ареспублика фымцалашарала аиқәыршәареи амаининг аҿагылара иадҳәалоу аҭагылазаашьеи иалацәажәеит.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба Аԥсны ԥхынҷкәынмза 4 – 18 рзы 450 цыра инарзынаԥшуа амаининг азы аппаратқәа рымхра алыршахеит ҳәа еизаз адырра риҭеит. Уи афымцалашара аҿакра аграфик макьаназы ԥсахрада иаанхоит ҳәа иазгәеиҭеит.
«2024-тәи ашықәс азы иԥшааны ирымхын 2026 цыра аппаратқәа. Ҳкомиссиа аусура алагара инаркны ауааԥсыра ирымхыз амаининг- аппаратқәа рхыԥхьаӡара 450 цыра рҟынӡа инаӡоит. Иахьа иҟоу алашара аҭара аграфик акәзар уи ҽынлатәи аҿакра 2 сааҭи 48 минуҭи рҟынӡа ауп иахьынаӡо, уахынла акәзар (асааҭ 21:00 инаркны 7:00 рҟынӡа) ареспублика зегьы афымцамч ала инагӡаны еиԥҟьарада аиқәыршәара мҩаԥысуеит. Аграфик азы аинформациа ауаа ԥымкрада ироулароуп. Афинансыркра «Амшынеиқәафымцамч» ахарџь ала еиԥш, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи асубсидиақәа раҳасабалагьы имҩаԥысуеит. Арҭ ашәатәқәа иҟоу аграфик аиԥмырҟьара иацхраауеит», - ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.
Алада Ешыра ақыҭан аус зуаз амаининг-ферма рыԥшааит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аусзуҩцәеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәша аусзуҩцәеи Алада Ешыра ақыҭан ирыԥшааит аус зуаз амаининг-ферма, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.