«Дырмит Гәлиа имаз Аԥсадгьыл ахь абзиабара, аидеиақәеи адырра ҵаулақәеи иахьа-уажәраанӡа амҩақәҵагас иҳамоуп, урҭ ахаангьы актуалра ацәыӡуам», - ҳәа иҳәеит иара.
Аректор иқәгылара ашьҭахь ААУ аԥсуа бызшәеи алитературеи ркафедреи алингвистикеи аинформациатә технологиақәеи Рцентри еиҿыркааз аконкурс «Абызшәа ашҭа» аҿы аиааира згази алахәылацәеи адипломқәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи ранашьара иазкыз ацеремониа мҩаԥысит. Аконскурс Дырмит Гәлиа ирҿиара иазкын, уи ашәҟәыҩҩы ипроза апопулиаризациа иазкын. Аконкурс алахәхаразы зегьы раԥхьаӡа иргыланы аԥсуа бызшәа ибзиаӡаны адырра ахәҭан. Аконкурс рхы аладырхәит ААУ еиуеиԥшым афакультетқәа рҟынтәи 600-ҩык инарзынаԥшуа астудентцәа. Зегь реиҳа зхатәы бызшәа здыруаны иаарԥшхаз иреиуоуп 84-ҩык астудентцәа, 36-ҩык аԥхьахәқәа ргеит.
Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит ашәҟәыҩҩы иԥа имоҭа Дырмит Гәлиа. Иара еизаз зегьы Аԥсны Жәлар рпоет игәалашәара азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Сара избоит Аԥсны аҟыбаҩ злоу аҿар бзиа гыланы ишыҟоу. Уи гәахәара дууп сара сзы. Ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп ақәҿиара дуқәа, агәазҭазаара, ахаангьы агәкажьра аашәмырԥшуа аихьӡара дуқәа рахь амҩа шәанылаит. Сара араҟа иахьа избаз афотосахьақәеи асахьақәеи рхаҭабзиара даара иҳаракуп», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Агәалашәаратә хәылԥазы аҿы астудентцәа Дырмит Гәлиа иажәеинраалақәеи ипроза ацыԥҵәахақәеи ирыԥхьеит, ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа рҟынтәи асценкақәа ықәдыргылеит. Аныҳәатә хәылԥазы арԥшӡеит Роза Чамагәуа напхгара зылҭо астуденттә авокал-инструменталтә ансамбль ақәгылара.