«Ҳара уаанӡа еиԥш уажәгьы аҟәырӷ ду ҳхы иаҳархәоит, еиҳа идуу аҵакыра амҽханакра азы, уи аҵаҟа иҟалоит иԥшӡоу аинсталиациақәа. Ишьақәыдыргылахьеит асценеи ахәаахәҭратә цәыргақәҵазы аҩн хәыҷқәа. Ахәаахәҭратә цәыргақәҵа аартра азԥхьагәаҭоуп ԥхынҷкәынмза 20 рзы. Уи аҽны, асааҭ 21:00 рзы, ҳара атәыла аԥсаҵла хада аартра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥаагоит», - ҳәа илҳәеит лара.
Аусмҩаԥгатәқәа рыплан еиқәыршәоуп. Иацы Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба афымцамч ала аиқәыршәара иадҳәаланы ишьақәгылаз акризис инамаданы ԥсахрақәак алагаланы уи шьақәирӷәӷәеит. Ашықәс Ҿыц — ари акыр зҵазкуа ныҳәоуп, аиҳарак анашанареи аџьашьахәи згәы хыҭхыҭуа иазыԥшу ахәыҷқәа рзы.
«Ҳара иаҳҭахуп алашареи амузыкеи аҳра ахьыруа аҭыԥ аԥҵара. Убри аҟнытә адизельтә генераторқәа ҳхы иаҳархәалоит. Аиармарка ажьырныҳәамза 13-нӡа имҩаԥыслоит», - ҳәа иазгәалҭеит Наала Ҳашыг.
Сынтәа аконцерттә программа иалахәхоит мацара аҭыԥантәи артистцәа. Ԥхынҷкәынмза 20 рзы иқәгылараны иҟоуп аестрадатә артистцәа. Адырҩаҽны ахәыҷтәы программақәа мҩаԥгахоит, еицырдыруа амульфильмқәа рҟынтәи ашәақәа рыла ашоу, урҭ рыхәҭак аԥсшәахь еиҭагоуп. Иара убас ақалақь ауааԥсыра есыҽны ирзыԥшуп ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭеи аҿари аспорти русқәа рзы Аилаки еицеиҿыркааз еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа, брек-данс-баттл, амиузиклқәа, уҳәа реиԥш иҟоу ақәгыларақәа. Ашҭа аныҳәатә гәазыҳәара аныԥшлоит.
«Ҳара ҳҽазаҳшәоит ҳақалақь ауааԥсыра ари иуадаҩу аамҭа азы ргәалаҟазаара ашьҭыхра, аныҳәатә атмосфера аԥҵара», - ҳәа илҳәеит Аҟәа ақалақь Ахадара акультура Аусбарҭа аиҳабы.
Ашықәс Ҿыц аламҭалазы лара зегьы ирзеиӷьалшьеит агәабзиара, агәамч, ҩнаҭацыԥхьаӡа аҭынчра, алашара, аԥхарра.