Items filtered by date: Аҩаша, 09 Лаҵара 2023

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алексеи Шамба/. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 78-шықәса аҵра инамаданы, аҩаша, лаҵарамза 9 рзы  Аҟәа ақалақь аҿы акциа «Ԥсра зқәым аполк» мҩаԥысит.  Акциа раԥхьатәи алахәылацәа асааҭ 10:30         Ахақәиҭра Ашҭаҿы еизеит. Акциа алахәылацәа рколонна  ахаҿы игылан Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри  Федотови Аԥсны Афырхаҵа, Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи адиректор Мзиа Беииеи. Аколонна Д.Гәлиа ихьӡ зху амҩала идәықәлеит, анаҩс Леон Ипроспект  ала Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҟынӡа инаӡеит. Аколонна Идырым асолдаҭ ибаҟа аԥхьа иаанкылеит. Амҩеихдақәа зегьы рҿы аколонна ауаа ацлон.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҿы инхо 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа ирыдныҳәалеит.

Аминистрцәа  20-ҩык аветеранцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа, ашәҭ шьыҵәрақәа, иара убас  50 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо аԥаратә ҳамҭақәеи ранаршьеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы, Идырым Асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы аАиааира агара Амшныҳәа 78-шықәса ахыҵра инамаданы аныҳәатә митинг мҩаԥысит.  

Амитинг атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, еиуеиԥшым апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны атәылауаа зегьы 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 78- шықәса ахыҵра инамаданы  гәык-ԥсыкала ирыдныҳәалоит.

 «Лаҵарамза 9  рзы ҳара ҳабацәеи ҳабдуцәеи рфырхаҵареи ргәымшәареи азгәаҳҭоит. Урыстәыла еиԥш ари аибашьра Аԥсны ҩнаҭацыԥхьаӡа инеит. Афронт ахь ицеит 55 нызықьҩык инареиҳаны Аԥсны аҵеицәа. Урҭ рахьынтә 17 нызықьҩык инареиҳаны Рыԥсадгьыл Ду ахьчара фырхаҵарыла рхы ақәырҵеит. Ар Ҟаԥшь ацәыӡ дуқәа шамазгьы, Берлин ақалақь ахь анаӡареи Реихстаг Аиааира абираҟ ахаргылареи рыла аибашьра ахыркәшара алнаршеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааиара агара Амшныҳәа 78- шықәса ахыҵра инамаданы Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы Аԥсны атәылахьчара Аминистрра апарадтә гәыԥқәа аныҳәатә шьаҿеиқәшәала рыиасра мҩаԥысит.

Апарадтә гәыԥқәа арратә маршқәа рмузыка ацны шьаҿеиқшәала Идырым Асолдаҭ ибаҟа аԥхьа ииасит.  

Аныҳәатә  ыиасра  рхы аладырхәит 600-ҩык инареиҳаны атәылахьчара Аминистрра, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Иреиҳаӡоу амилициа ашкол, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра 7-тәи еизаку арратә базеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура аҳәаахьчаратә Усбарҭеи рыруаа.

Амарш анапхгараҭара наигӡон атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба, апарад идикылон – атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа Аиааира амш рыдиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Алексеи Иосиф-иԥа! Акыр иаԥсоу аветеранцәа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 78 шықәса ахыҵра!

Абри аҟара шықәсарацәа шыҵхьоугьы, есышықәса Лаҵарамза 9 амш аҽны хьааи гәырҩеи ишәхышәгаз шырацәоугьы, гәырӷьарак, гәалаҟара ҷыдак ацуп ари амш.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иазгәарҭоит 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 78-шықәса ахыҵра азгәарҭоит.

Лаҵарамза 9, асааҭ 09:00 рзы – Москватәи Акультура-усуратә Центр «Москва Аҩны» аҟынтәи амаршрут «Аҟәа – Гәылрыԥшь – Аҟәа ала иалагоит авеломҩасра «Иҭабуп Аиааиразы!  Асааҭ 09:00  рзы – акциа «Агәалашәара Амца» - акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи аган ала аԥснытәи аган иамадахаз Александратәи абаҳча аҿы Кремльтәи аҭӡы ааигәара иаку Имыцәо амца ахәҭаҷ ала Диаскураа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу Идырым Асолдаҭ ибаҟа амҵан Имыцәо амца аркра мҩаԥысит.

Асааҭ 10:00 рзы Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу Идырым Асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа алагеит.  Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз аибашьцәа-фырхацәа ҳаҭырла иргәәаладыршәарц арахь имҩахыцит Аҳәынҭқарра Ахада  Аслан Бжьаниа, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин,  Аԥсны иҟоу Аахыҵ-Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Аԥсны иҟоу Аофициалтә Хаҭарнакра ахада Гарри Кәпалба,  Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, аруаа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиааира амш азы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.

 

«Акыр иаԥсоу аветеранцәа!

 

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира амш.   

Аиааира 78 шықәса ахыҵра азгәаҭо, иаҳгәалаҳаршәоит  ишьашуаз анацизм аидеологиа нагӡо ажәларқәа рнырҵәара анымҩаԥысуаз, Асовет Еидгыла ажәларқәа реидгыларала, рфырхаҵарала, адунеитә гыгшәыгра иаҿагыланы хацәнмырха ақәԥарала ишьаарҵәыраз адунеитә еибашьра аҵыхәтәа шыԥҵәаз. Иахьа иаҳгәалашәоит аӷа дықәцаны Асовет Еидгылеи Европеи рыжәларқәа анацизм азҩа иацәызыхьчаз. Хацәнмырха убарҭ ирывагыланы еибашьуан 55-ҩык нызқьҩык Аԥсны аҵеицәа хьӡырҳәагақәа рыҩнқәа, ры-Ԥсадгьыл, асовет тәыла ду ахьчаразы.

Ҳаҭырла иахгәалаҳаршәоит ажәларқәа ҭынч инхалартә еиԥш алшара рызҭаз урҭ рфырхаҵара атәы. Хашҭрагьы рықәӡам ҳ-Аԥсадгьыл ду ахьчара зхы ақәызҵаз зегьы».

 

«Акыр иаԥсоу аветеранцәа!

 

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира амш.   

Аиааира 78 шықәса ахыҵра азгәаҭо, иаҳгәалаҳаршәоит  ишьашуаз анацизм аидеологиа нагӡо ажәларқәа рнырҵәара анымҩаԥысуаз, Асовет Еидгыла ажәларқәа реидгыларала, рфырхаҵарала, адунеитә гыгшәыгра иаҿагыланы хацәнмырха ақәԥарала ишьаарҵәыраз адунеитә еибашьра аҵыхәтәа шыԥҵәаз.

Иахьа иаҳгәалашәоит аӷа дықәцаны Асовет Еидгылеи Европеи рыжәларқәа анацизм азҩа иацәызыхьчаз.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.