АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Лаҵара.2023

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиааира амш азы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиааира амш азы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.

 

«Акыр иаԥсоу аветеранцәа!

 

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира амш.   

Аиааира 78 шықәса ахыҵра азгәаҭо, иаҳгәалаҳаршәоит  ишьашуаз анацизм аидеологиа нагӡо ажәларқәа рнырҵәара анымҩаԥысуаз, Асовет Еидгыла ажәларқәа реидгыларала, рфырхаҵарала, адунеитә гыгшәыгра иаҿагыланы хацәнмырха ақәԥарала ишьаарҵәыраз адунеитә еибашьра аҵыхәтәа шыԥҵәаз. Иахьа иаҳгәалашәоит аӷа дықәцаны Асовет Еидгылеи Европеи рыжәларқәа анацизм азҩа иацәызыхьчаз. Хацәнмырха убарҭ ирывагыланы еибашьуан 55-ҩык нызқьҩык Аԥсны аҵеицәа хьӡырҳәагақәа рыҩнқәа, ры-Ԥсадгьыл, асовет тәыла ду ахьчаразы.

Ҳаҭырла иахгәалаҳаршәоит ажәларқәа ҭынч инхалартә еиԥш алшара рызҭаз урҭ рфырхаҵара атәы. Хашҭрагьы рықәӡам ҳ-Аԥсадгьыл ду ахьчара зхы ақәызҵаз зегьы».

 

«Акыр иаԥсоу аветеранцәа!

 

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира амш.   

Аиааира 78 шықәса ахыҵра азгәаҭо, иаҳгәалаҳаршәоит  ишьашуаз анацизм аидеологиа нагӡо ажәларқәа рнырҵәара анымҩаԥысуаз, Асовет Еидгыла ажәларқәа реидгыларала, рфырхаҵарала, адунеитә гыгшәыгра иаҿагыланы хацәнмырха ақәԥарала ишьаарҵәыраз адунеитә еибашьра аҵыхәтәа шыԥҵәаз.

Иахьа иаҳгәалашәоит аӷа дықәцаны Асовет Еидгылеи Европеи рыжәларқәа анацизм азҩа иацәызыхьчаз.

Хацәнмырха убарҭ ирывагыланы еибашьуан 55-ҩык нызқьҩык Аԥсны аҵеицәа хьӡырҳәагақәа рыҩнқәа, ры-Ԥсадгьыл, асовет тәыла ду ахьчаразы.

Ҳаҭырла иахгәалаҳаршәоит ажәларқәа ҭынч инхалартә еиԥш алшара рызҭаз урҭ рфырхаҵара атәы. Хашҭрагьы рықәӡам ҳ-Аԥсадгьыл ду ахьчара зхы ақәызҵаз зегьы.

 

 

 

 


Read 147 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.