Items filtered by date: Ашәахьа, 08 Лаҵара 2023

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев  Аслан Бжьаниа Аиааира Ду амш идиныҳәалеит.

 

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы, ҷыдала, иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Урыстәылеи Аԥсни еицырзеиԥшу аныҳәа ԥшьа - Аиааира Ду 78 шықәса ахыҵра амш!

Аҵак ду змоу ари амш азы ҳара иаҳгәалаҳаршәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду афронтқәа рыҟны гәымшәарыла еибашьуаз рфырхаҵара, рыгәаӷьра, аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы атәыла еиҭашьақәыргылара иалахәыз зегьы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аиааира ду 78 шықәса ахыҵра идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы, ҷыдала, иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит хаҭала Шәареи  Урыстәыла ауаажәларреи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду  аҟны Аиааира 78 шықәса ахыҵра.

Ари амш адунеизегьтәи аҭоурых ианылеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны асовет солдаҭцәа анемец фашистцәа ирҿагыланы рықәԥараҿы аиааира аныргаз иамшны.

Иахьа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит асовет солдаҭцәеи атыл аҟны аџьа збози  рфырхаҵаратә хҭысқәа. Асовет жәлар зегьы ракзаареи ҳзеиԥш Ԥсадгьыл ахьчаразы ахықәки ирыбзоураны афашизм ақәхреи адунеи атәра ацәыхьчареи алыршахеит

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа агәаҭаратә ныҟәарақәа раан Кәыдры аӡиас аҟны аԥшаҳәарҵауларатәи аԥшаҳәарӷәӷәаратәи усурақәа рцашьа гәаиҭеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, ШЬАУ аиҳабы Ҭемыр Агрба ицын Кәыдры аӡиас аҟны аԥшаҳәарҵауларатәи усурақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ данаҭаа.

ШЬАУ Аиҳабы Ҭемыр Агрба иҳәеит ҳазҭагылоу аамҭазы Очамчыра араион аганахьала Кәыдры аӡиас аҟны аԥшаҳәарӷәӷәаратә усурақәа шымҩаԥысуа.

«Ари сынтәа аусурақәа ахьымҩаԥысуа аҩбатәи ҭыԥуп. Ари аҭыԥ 1200 метра аҵанакуеит. Иҵегьы аусурақәа мҩаԥгахоит Гәылрыԥшь араион аганахьала х-ҭыԥк рыҟны 700 метрак рҟынӡа.

Ҭемыр Агрба иазгәеиҭеит аԥшаҳәа арӷәӷәара аҭахуп иара убас даҽа ҭыԥк аҟны - 650 метр ак рҟынӡа, афымцамҩангага цәаҳәақәа ахьыҟоу».

Кәыдры аӡиас аҟны аԥшаҳәарӷәӷәаратә усурақәа рымҩаԥгара Ахада ицхыраагӡатә фонд аҟнытә иазоужьуп 63 млн мааҭ.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа анҭыҵтәи аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит Очамчыра араион Администрациаҟны.

Амшхәаԥштә аҟны иқәгылан араион асоциал-економикатә ҿиара иадҳәалаз азҵаатәқәа.

Араион ахада Беслан Бигәаа аусурақәа рцашьа иазкны аҳасабырба ҟаиҵеит. Иара иҟаиҵаз адыррала, Очамчыра араион Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны 2020-2022 шш.рзы,  Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара афинанстә лимит иартәеит 376 383 нызқь мааҭ,  иазоужьуп 322 954 нызқь мааҭ, иахаршәалоуп  -16 нызқь мааҭ, 2022 ш. алимит аҟынтә ахархәара алыршамхеит - 53 411 нызқь мааҭ.

Беслан Бигәаа адырра ҟаиҵеит аусмҩаԥгатәқәа фба шынагӡоу азы: Тамшь ақыҭан аишьцәа Занҭариаа рыхьӡ зху амҩаҟны акаҭранбетонн ақәырҭәага мыруга; аихшарҭатә цәаҳәақәа шьаҭанкылатәи рырҽеира;  Звольтҳараку 220 кв. «Аҽгәара» арҽеиратә усуразы амыругеи амаҭәахәқәеи раахәара;  Ԥсоуи Егрыи рыбжьара Ареспубликатә мҩаду Аҟәа-Очамчыра иаҵанакуа аҭыҧ (актәи аетап) фымцалашарала аиқәыршәара; Мықә ақыҭан акаҭранбетон ақәырҭәаразы амыруга. 

Иара убас, афинанс азоужьын Мықә ақыҭан аӡеизакырҭатә ргыламҭа аргылара.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Тҟәарчал араион Администрациаҟны анҭыҵтәи аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит

Араион аҟны иҟоу аҭагылазаашьазы Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа ажәахә хада ҟаҵаны дықәгылеит.

Ирылацәажәеит араион аҿиара, иара убас Аԥсны асоциалтә-економикатә ҿиаразы аинвестициатә программа анагӡара иадҳәалаз азҵаарақәа.

Аҳәынҭқарра Ахада адырра ирҭеит Тҟәарчал араион аџьармыкьа аиҭашьақәыргалара шымҩаԥысуазы, ауада рацәа змоу анхарҭа ҩынқәа рхыбқәа рыԥсахразы.

Исидор Дочиа иажәақәа рыла, араион аҿиареи аекономика ашьҭыхреи рзы ихадароу факторны иҟоуп аинвестициақәа, урҭ аарыхреи аекономикеи рхырхарҭа ҿыцқәа раартра ирыцхраауеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа  Аиааира Ду амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира агара 78 шықәса ахыҵра.

Ҳара ҳабацәеи ҳабдуцәеи рыжәҩахыр еидҵаны, аӷа хәымга иҭархаразы рхы иамеигӡакәа,  фырхаҵарыла еибашьуан, еизҳауа абиԥарақәа аҭынчреи ахақәиҭреи рымазарц азы.

Агәра згоит, Аиааира ду азеиԥш доуҳатә ҭынха аԥхьаҟагьы аидгыларатәи, астратегиатәи усеицураҟны урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ишацхраало.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи авокзал аҿаԥшыларатә гани ахыбра иаҵанакуа аиаҵәаратә зонеи аҭеиҭыԥш арҽеира мҩаԥысуеит.

«Ҳара ахыбра аҿаԥшыларатә  ган аԥаҟәа аҟынтәи иаҳрыцқьоит. Ахыбра аҭеиҭыԥш ҳарҽеир ҳҭахуп. Акиорхер ала иаҳрыцқьоит. Уи ала арыцқьара ахьамуа аҭыԥқәа, ахаҳә астуктуреи арԥшышьеи ԥхасҭамхарц азы егьырҭ арыцқьагатә хархәагақәа ҳхы иаҳархәоит. Иахьауа, абаркьылкаламқәа шкәакәала иаҳшәуеит», – ҳәа аҟәатәи авокзал анапхгаҩы Алиса Габуниа лажәақәа аанагоит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.

Иара убас апарктә зонагьы, апальмақәа, ашәҭқәа ахьеиҭаҳау аклумбақәа, уҳәа рырҽеира азԥхьагәаҭаны иҟоуп.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 8 мая 2023. Апсныпресс. Фасад  Сухумского вокзала  и прилегающая к зданию зеленая зона приводятся в порядок.

«Мы очищаем фасад от плесени, черноты и налета. Хотим преобразить здание, чтобы было чисто.  Чистим аккуратно кёрхером. Для тех  элементов, которые им не удастся отмыть,  используем другие чистящие средства, но чтобы не навредить структуре камня и лепнине. Где возможно покрасить, балясины покрасим в белый цвет», – цитирует начальника сухумского железнодорожного вокзала Алиаса Габуния  пресс-служба столичной Администрации. 

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Лаҵарамза  8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 8 рзы  82 шықәса ҵит диижьҭеи Иури Николаи-иԥа Воронов (лаҵарамза 8, 1941 ш. –цәыббрамза 11, 1995 ш.).  – Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратә, аҭҵаарадырратә усзуҩы, аҭоурыхдырҩы, археолог, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутат,

«Иури Воронов ажәытәӡатәи аамҭа инаркны Аԥсны аҭоурых иазку актуалра злоу   аҭҵаарадырратә монографиақәа жәпакы дравторуп. Иури  Воронов иҭҵаарадырратә усумҭақәа Аԥсны иазку акрызҵазкуа аҭоурыхтә ҭҵаарақәа  ирхыԥхьаӡалоуп. Аҵарауаҩ ду Иури Воронов активла Аԥсны ауаажәларратә ԥсҭазаара далахәын.

Иури Воронов активла даҿагылан ақырҭуа милаҭеилыхратә ҵысра, Асовет Еидгыла анхыбгала ашьҭахьгьы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс даныҟаз, имч-илша зегьы Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитет аиҭашьақәыргылара иазикит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз Иури Воронов аҭҵаарадырреи аполитикеи русхк аҟны имаз аимадарақәа зегьы ихы иаирхәеит Аԥсны апозициа адунеи зегьы аларҵәаразы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара  78-шықәса ахыҵра иазкны арратә парад аҽазыҟаҵара  аусмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҟәа ақалақь аҿы арратә парад аҽазыҟаҵара хада мҩаԥысит. Уи рхы аладырхәит 600-ҩык инареиҳаны атәылахьчара Аминистрра, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Иреиҳаӡоу амилициа ашкол, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра 7-тәи еизаку арратә базеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура аҳәаахьчаратә Усбарҭеи рыруаа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.