Items filtered by date: Аԥшьаша, 24 Абҵара 2022

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аҵыхәтәантәи аамҭазы лассы-лассы ицәырҵуа иалагаз, иҟоу азакәанԥҵара ӷәӷәала еилазго, ареспублика анагӡаратә мчра аусбарҭақәа аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа  русура рыҽрылагалара иадҳәалоу афактуа рганахьала  агәҭынчымра аанарԥшуеит.  

«Аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа раԥҵаҩы ихыҭҳәаау изинмчы ахархәарала, аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа иарбоу амассатә информациа ахархәагақәа рредакциақәа ирықәыӷәӷәоит.  Ас еиԥш аҭагылазаашьақәа инарымаданы, ажурналистцәа Реидгыла аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа  русура рыҽрылагалара азы азин  рымоуп ҳәа изыԥхьаӡо ареспублика анагӡаратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа «Амассатә информациа ахархәагақәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа ацензура амҩаԥгара шзамлыршахо ргәаланаршәоит. (Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа рзы Азакәан ахәҭаҷ 3).

Ас еиԥш ацензура аҿырԥшы аҳасабала иааугар алшоит абҵарамза 23, 2022 шықәса рзы имҩаԥысыз Аԥсны ауаажәларра-политикатә мчрақәа Реизара аҿы ареспублика аҳәынҭқарратә массатә информациа ахархәагақәа  ржурналистцәа рыҟамзаара. Иҟоу адыррақәа рыла, амассатә информациа ахархәагақәа рредакциақәа иарбоу аусмҩаԥгатә аҽалмырхәреи уи азы адырраҭарақәа рыҟамҵареи рзы адҵа роуит. Иарбоу афакт аредакциақәа русура аҳәаакра адагьы, «атәылауаа амассатә информациа ахархәагақәа рыла ауаажәларратә еидгыларақәа русура азы оперативла, иҵабыргу аинформациа аиура азы ирымоу азинқәа» (Амассатә информациа ахархәагақәа рзы Азакәан ахәҭаҷ 35) еиланагоит», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг инапы зҵаиҩыз Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахьӡала  иҟаҵоу аҳәамҭа аҿы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Европарламент ақәшаҳаҭхеит Урыстәыла аҵакыра ҿыцқәеи, Ҟрыми, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыла авизақәа рыҭара мап ацәкра.

Аԥсны адунеи аҟәыҭхареи аичырчареи ирызхоуп Урыстәыла аҵакыра ҿыцқәеи, Ҟрыми, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыла авизақәа рыҭара Европарламент мап ахьыркыз ҳәа иаҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаҩы изинқәа лыхьчаразы Азинмчы змоу Асида Шьаҟрыл Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа апрофилтә енергетикатә Комиссиа аԥҵара иаԥшьылгеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иахь инашьҭыз ашәҟәы аҿы ишарбоу ала, «акомисиа ахықәкы хаданы иҟалароуп ҳазҭоу аамҭазы имҩаԥгоу аусмҩаԥгатәқәа уахь иналаҵаны, иааизакны аенергетикатә усхкы аҭагылазаашьа ахәшьара аҭареи, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра аенергетикатә усхкы аҿиара аконцепциа аиқәыршәареи».

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гагра араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы анҭыҵтәи аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Арҭ амшқәа рзы абзиаҟаҵаҩцәа рыцхыраара иабзоураны араҟа ишьақәыргылахеит аультраҩжьытә диасгностика аппарат ҿыц.

Ашәахәатә диагностика аспециалист Валери Травин ишазгәеиҭаз ала, аппарат ҳаамҭа иақәшәоит, араионтә хәышәтәырҭа Хада аҭаххрақәагьы нанагӡоит.

«Афирма Samsung  иҭнажьыз аппарат ахаҭабзиара даараӡа иҳаракуп, ахархәара акыр иманшәалоуп. Ари аҩыза аппарат аахәара хра злоу усны иҟалеит Аԥсны азы», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Валери Травин.

«Аультрабжьытә диагностика аппарат Гагратәи ахәышәтәырҭа ҳамҭас иаиҭеит Саид Лолуа. Уи ахәԥса 2 млн 600 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Даараӡа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ас еиԥш аҳамҭа ҟазҵаз», - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭҽба.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 24 рзы атәыла агәабзиарахьчара  аминистр Едуард Быҭәба Пицундатәи ахәышәтәырҭа аусура гәеиҭеит.  Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Савели Серетиди Едуард Быҭәба иарбоу амедицинатә усбарҭа аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа атәы  изеиҭеиҳәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аминистр ацифратә рентгентә аппарат ҿыц ахьышьақәыргылоу арентгенографиа акабинет даҭааны игәеиҭеит.

Аҳақьым хада иажәақәа рыла, ахәышәтәырҭа анапхгараҭара изныкымкәа агәабзиарахьчара Аминистрра ахь арентгентә аппарат ҿыц аахәара азы аҳәара ҟарҵахьан, избан акәзар уи ахьыҟамыз иахҟьаны, апациентцәа Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа ахь иргалар акәхон.

Савели Серетиди  ишазгәеиҭаз ала, арентгентә аппарат рымамиижьҭеи30 шықәса ҵуеит.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа амассатә информациа ахархәагақәа рымадара азы Аусбарҭа анапхгаҩы, аҳәынҭқарратә хылаԥшра Аусбарҭа ареферент еиҳаби апресс-маҵзура ажурналисти иаарту амаҵураҭыԥқәа  раанкылара азы аконкурс рыланаҳәоит.  

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла, «апресс-маҵзура — ари ауаажәлара рҭаххрақәа ирласны изныруа, аобиективла, ирласны, профессионалла ауааԥсыра рҟынӡа аинформациа анагара иазку усбарҭоуп. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа, арепублика аҿы хра злоу аиҭакрақәа рыҟалара иазырхоу, аҭакԥхықәра зду, ззанааҭдырра ҳараку акоманда ашьақәыргыла хықәкыс иамоуп. Ҳара ари аԥышәа ҳаԥхьаҟагьы, иаарту амаҵуратә ҭыԥқәа рхарҭәаара адагьы, зус здыруа, аперспективра злоу аҿар рыла ишьақәгылоу акадртә резерв аԥҵара аҿгьы ахархәара аҳҭалоит».

Аконкурс алахәхаразы абарҭ аусшәҟәқәа ралагалара ахәҭаны иҟоуп:

Акандидат ирзаҳал;

Акандидат инысымҩа;

Акандидат ихаҭара шьақәзыргыло аусшәҟәи уи ахкьыԥхьи;

Аџьатә шәҟәи уи ахкьыԥхьи;

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса.  Аԥсныпресс.  Абҵарамза 24 рзы Ҭҟәарчал ақыҭа, Бедиа ақыҭан  еихагылакны иҟоу аҩны амца акит.

Амашәыртә хҭыс азы адырра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь 10 сааҭки 26 минуҭи рзы иҟалеит. Амцарцәаҩцәа аҭыԥаҿы ианнеи аамҭазы ахыбра зегьы амца акхьан. Иҟалаз амцакра иахҟьаны аҩны зегьы блит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс/ Ҭамара Ачба. Згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы ареспубликатә ареабилитациатә Центр абар шьҭа бжьы шықәсеи бжаки ирылагӡаны  Аҟәа ақалақь аҿы аус ауеит. Ареабилитациатә Центр аҳақьым Хада Лиана Емухвари Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Ацентр аусура атәы еиҭалҳәеит.

Ареспубликатә ареабилитациатә Центр аатит мшаԥымза  17, 2015 шықәса рзы. Ари амедицинатә усбарҭа шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара урыстәылатәи афинанстә цхыраара ахарџь ала имҩаԥган.  Аобиект аргылара ҩы-шықәса ирылагӡаны имҩаԥысуан. Аргылара ахарџьынҵа 34 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьынтә 8 млн. мааҭ ацентр азы амаругақәа раахәара иақәхарџьхеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022. Аԥсныпресс. Аԥсни Никарагууеи рыбжьара аспорти аҿартә политикеи рзы аусеицура азы 2022 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рыплан инақәыршәаны, абҵарамза 23 рзы онлаин режим ала Аԥсни Никарагууеи ашахматқәа рзы Афедерациақәа рыпрезидентцәа реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа иаанацҳауеит аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.

Аԥсуа ган аҟынтәи уи рхы аладырхәит аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мадина Воуба, Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба, никарагуантәи – аспорт аминистр Марлос Торреси ашахматқәа Рфедерациа апрезидент Гуи Хосе Бенданиа Гурреро.

Никарагуантәи иколлегацәа аԥсшәа раҳәо, Мадина Воуба илҳәеит: «Даара гәахәарыла исыдыскылоит иахьатәи ҳаиԥылара. Сгәыӷуеит, ари аҿы ҳшаанымкыло, ашахматқәа рзы еиуеиԥшым  атурнирқәа онлаин режим ала еиԥш офлаин-форматқәа рылагьы мҩаԥаҳгалап ҳәа», –иазгәалҭеит Мадина Воуба.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 22, 2022 шықәса рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы акәантрабандеи аҳазылхратә еилагарақәеи рҿагылара азы аусбарҭа аусзуҩцәа аҳазылхратә усбарҭа акәантрабандеи аҳазылхратә еилагарақәеи рҿагылара азы аҟәша «Гал» амаҵурауааи рыцны аоперативтә информациа анагӡараан, Гал ақалақь аҿы уаҩ дахьнымхо ахыбра аԥхьакырҭа уада аҿы ирыԥшааит, амхрагьы мҩаԥыргеит 192 ԥаҭлыка Қырҭтәылантәи иаагаз аминералтә ӡы.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.