АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Абҵара.2022

АҲАЗЫЛХЫҨЦӘА ГАЛ АҚАЛАҚЬ АҾЫ 192 ԤАҬЛЫКА ҚЫРҬТӘЫЛАНТӘИ ИААГОУ АМИНЕРАЛТӘ ӠЫ АМХРА МҨАԤЫРГЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 22, 2022 шықәса рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы акәантрабандеи аҳазылхратә еилагарақәеи рҿагылара азы аусбарҭа аусзуҩцәа аҳазылхратә усбарҭа акәантрабандеи аҳазылхратә еилагарақәеи рҿагылара азы аҟәша «Гал» амаҵурауааи рыцны аоперативтә информациа анагӡараан, Гал ақалақь аҿы уаҩ дахьнымхо ахыбра аԥхьакырҭа уада аҿы ирыԥшааит, амхрагьы мҩаԥыргеит 192 ԥаҭлыка Қырҭтәылантәи иаагаз аминералтә ӡы.  

Иарбоу административтә зинеилагара азы аматериалқәа аусеилыргараанӡатәи агәаҭара азы Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҭҵаареи аҳазылхратә усеилыргарақәеи рыҟәша ахь идәықәҵахеит. Материалы по данному административному правонарушению переданы по подследственности в отдел дознания и таможенных расследований ГТК РА.    


Read 285 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.