АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Абҵара.2022

ПИЦУНДАТӘИ АХӘЫШӘТӘЫРҬА АҾЫ АРЕНТГЕНТӘ АППАРАТ ҾЫЦ ШЬАҚӘДЫРГЫЛЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 24 рзы атәыла агәабзиарахьчара  аминистр Едуард Быҭәба Пицундатәи ахәышәтәырҭа аусура гәеиҭеит.  Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Савели Серетиди Едуард Быҭәба иарбоу амедицинатә усбарҭа аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа атәы  изеиҭеиҳәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аминистр ацифратә рентгентә аппарат ҿыц ахьышьақәыргылоу арентгенографиа акабинет даҭааны игәеиҭеит.

Аҳақьым хада иажәақәа рыла, ахәышәтәырҭа анапхгараҭара изныкымкәа агәабзиарахьчара Аминистрра ахь арентгентә аппарат ҿыц аахәара азы аҳәара ҟарҵахьан, избан акәзар уи ахьыҟамыз иахҟьаны, апациентцәа Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа ахь иргалар акәхон.

Савели Серетиди  ишазгәеиҭаз ала, арентгентә аппарат рымамиижьҭеи30 шықәса ҵуеит.  

«Едуард Валериан-иԥа иаԥшьгара иабзоураны ари азҵаара ӡбахеит. Иҭабуп ҳәа раҳҳәарц ҳҭахуп уи аус аҿы ацхыраара ҟазҵаз зегьы», - ҳәа иҳәеит аҳақьым хада.

Аппарат аԥышәатә режим ала аусура иалагахьеит, уаанӡа Пицунда ақалақь Ахадара уи азы ауада аиҭашьақәыргылара мҩаԥнагахьан, иҷыдоу ашәқәа рҿаҵара ауп иаанханы иҟоу, урҭгьы ҩымчыбжь ирылагӡаны иааргараны иҟоуп.

«Гагра араион Ахадара, хаҭала Иури Ҳагәышь, иара убас Пицунда ахада Руслан Хәынцариеи идуӡӡаны иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ари апроект иарҭаз адгылара азы. Еицыҟаҵаз ацхыраара иабзоураны Пицунда ауааԥсыреи ааигәатәи ақыҭақәа рҿы инхо ауааи аҭыԥаҿы иахәҭоу аҭҵаарақәа рахысра азы алшара роуит», – ҳәа иазгәеиҭеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр.


Read 363 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.