АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Абҵара.2022

СЫНТӘА АРЕСПУБЛИКАТӘ ЦЕНТР АҾЫ ИМҨАԤЫСИТ 240-ҨЫК ИНАРЕИҲАНЫ АХӘЫҶҚӘА РРЕАБИЛИТАЦИА АЗЫ ЕИУЕИԤШЫМ АКУРСҚӘА МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс/ Ҭамара Ачба. Згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы ареспубликатә ареабилитациатә Центр абар шьҭа бжьы шықәсеи бжаки ирылагӡаны  Аҟәа ақалақь аҿы аус ауеит. Ареабилитациатә Центр аҳақьым Хада Лиана Емухвари Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Ацентр аусура атәы еиҭалҳәеит.

Ареспубликатә ареабилитациатә Центр аатит мшаԥымза  17, 2015 шықәса рзы. Ари амедицинатә усбарҭа шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара урыстәылатәи афинанстә цхыраара ахарџь ала имҩаԥган.  Аобиект аргылара ҩы-шықәса ирылагӡаны имҩаԥысуан. Аргылара ахарџьынҵа 34 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьынтә 8 млн. мааҭ ацентр азы амаругақәа раахәара иақәхарџьхеит.

 

Аҟәантәи ахәыҷқәа Ацентр аҿы аус рыдырулоит ҽынлатәи астационар аҳасабала. Егьырҭ, хара инхо астационартә хәышәтәра аҿы иаанхоит. Уи азы ҷыдала еиқәыршәоу ашьҭаларҭақәа рҿы ахәыҷқәа рхала, аҳақьымцәа рхылаԥшрала  еиԥш, ранацәагьы рыцны иаанхар ҟалоит.

Ацентр аҿы згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥҵоуп.  Араҟа иҟоуп агидромассаж зцу аӡҭарчы, атренажиортә зал, аҽазыҟаҵарақәа рзы азалқәа. Иҟоуп иара убас акрыфарҭеи ахәыҟаҵарҭеи аӡәӡәарҭеи.

 

 


Read 302 times - Аԥшьаша, 24 Абҵара 2022 21:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.