АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Абҵара.2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИУСБАРҬА ИААРТУ АМАҴУРАҬЫԤҚӘА ХԤА РААНКЫЛАРАЗЫ АКОНКУРС РЫЛАНАҲӘОИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа амассатә информациа ахархәагақәа рымадара азы Аусбарҭа анапхгаҩы, аҳәынҭқарратә хылаԥшра Аусбарҭа ареферент еиҳаби апресс-маҵзура ажурналисти иаарту амаҵураҭыԥқәа  раанкылара азы аконкурс рыланаҳәоит.  

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла, «апресс-маҵзура — ари ауаажәлара рҭаххрақәа ирласны изныруа, аобиективла, ирласны, профессионалла ауааԥсыра рҟынӡа аинформациа анагара иазку усбарҭоуп. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа, арепублика аҿы хра злоу аиҭакрақәа рыҟалара иазырхоу, аҭакԥхықәра зду, ззанааҭдырра ҳараку акоманда ашьақәыргыла хықәкыс иамоуп. Ҳара ари аԥышәа ҳаԥхьаҟагьы, иаарту амаҵуратә ҭыԥқәа рхарҭәаара адагьы, зус здыруа, аперспективра злоу аҿар рыла ишьақәгылоу акадртә резерв аԥҵара аҿгьы ахархәара аҳҭалоит».

Аконкурс алахәхаразы абарҭ аусшәҟәқәа ралагалара ахәҭаны иҟоуп:

Акандидат ирзаҳал;

Акандидат инысымҩа;

Акандидат ихаҭара шьақәзыргыло аусшәҟәи уи ахкьыԥхьи;

Аџьатә шәҟәи уи ахкьыԥхьи;

Азанааҭтәи, мамзаргьы даҽа ҵарадырреи шьақәзырӷәӷәо аусшәҟәқәеи урҭ рыхкьыԥхьқәеи; Аҭаацәара алаларазы аршаҳаҭгеи ахәыҷқәа рииразы аршаҳаҭгақәеи урҭ рыхкьыԥхьқәеи

Азеиԥш квалификациатә ҭагылазаашьақәа: Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩра;

Иреиҳаӡоу аҵарадырра;

Амассатә коммуникациақәа рҿы аусура аџьашықәс (Амассатә информациа ахархәагақәа рымадара азы Аусбарҭа азы);

Аԥсуа бызшәа адырра  (Амассатә информациа ахархәагақәа рымадара азы Аусбарҭа азы);

Иназыцҵоу аинформациа аиура азы абри аҭел ала: (+7 840) 229-75-39; (+7 940) 775-92-09 ала уасыр ҟалоит.

Арезиуме анашьҭра ахәҭоуп абри аелектронтә ԥошьҭа ала - e-mail: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees. 

Азыҳәамҭақәа ралаҵара иазыԥҵәоу аамҭа: 18:00 01.12.2022 ш.

Еиҳа инарҭбаау аинформациа уоур алшоит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аофициалтә саит аҿы икьыԥхьу аусшәҟәы аҟны абри азхьарԥш ала: Аҳәынҭқарра иҭижьыз Аусԥҟақәеи Ақәҵарақәеи.  

Апресс-маҵзура ажурналистрахь апретендент ихәҭоуп: апресс-маҵзура ажурналист ихыдҵақәа.

Амассатә информациа ахархәагақәа рымадара азы Аусбарҭа анапхгаҩы имаҵураҭыԥ аанкыларазы апретендент ихәҭоуп: Амассатә информациа ахархәагақәа рымадара азы Аусбарҭа анапхгаҩы ихыдҵақәа.

Аҳәынҭқарратә хылаԥшра Аусбарҭа ареферент еиҳабы имаҵураҭыԥ аанкыларазы апретендент ихәҭоуп: Аҳәынҭқарратә хылаԥшра Аусбарҭа ареферент еиҳабы ихыдҵақәа.


Read 262 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.