АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Абҵара.2022

АПАРЛАМЕНТТӘ ЕИЛАКЫ АИЛАТӘАРАҞНЫ ИАХӘАԤШИТ “АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҚЫҬАНХАМҨАЗЫ” АЗАКӘАН.

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Ҭемыр Беиа ихантәаҩрала имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак  инарҭбаау аилатәара.

Аилатәара аповестка инақәыршәаны  иахәаԥшит 2021 шықәса рашәарамза 9 рзы актәи аԥхьараан ирыдыркылаз «Аԥсны Аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩазы» Азакәан апроект

Ари апроект азы аилыркаагатә шәҟәы аҟны иазгәаҭоуп уи аус шадулаз абарҭ ахықәкқәа инарықәыршәаны:

- аҳәынҭқарратә ақыҭанхамҩатә политика аҳәаақәҵаразы;

- ақыҭанхамҩа аҿиара аҳәынҭқарратә программа анагӡара Ареспубликатә биуџьет ахарџь ала афинансзоужьра амҽхак Ареспубликатә биуџьет ашықәсазтәи аԥаратә хархәагақәа рыҟнытә 5% иреиҵамкәа;

- ақыҭанхамҩатә аарыхра аԥҵареи аҿиареи рус аҳәынҭқарратәи атәымтәылатәи инвестициақәа радԥхьалара;

ақыҭанхамҩатә аалыҵи, аӡеи, афатәи аазрыхуа иманшәалоу акредиттә политикала реиқәыршәара;

-  азинҷыдатә шәахттә политика аԥҵара ақыҭанхамҩатә аалыҵи, аӡеи, афатәи аазрыхуа;

- ақыҭанхамҩатә аалыҵи, аӡеи, афатәи рзы аҩныҵҟатәи аџьармыкьа ахьчара.

Азакәанапроект алацәажәара иалахәын аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Артуш Сарибекиан,  Аԥсны Ахада Иадминистрациа аҳәынҭқарра-зинтә политика аусбарҭа аиҳабы Наҭела Ломиа.

Аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак алахәцәа ирыӡбеит ари азакәанапроект аус адулара ацҵара.

Анаҩс адепутатцәа ахәаԥшит «Агеодезиатәи ахсаалаҩыратәи аусуреи анаӡааӡаратә рбагақәеи рзы» азакәан апроект, агеодезиатәи ахсаалаҩыратәи усура аусхк аҟны аизыҟазаашьақәа ҳәаақәызҵо, анаӡааӡаратә рбагақәа рыԥшаара, реизгара, рыҵәахра, аус рыдулара, анаӡааӡаратә рбагақәа рыҭареи рыларҵәареи надкыланы, аинформациатә система ахархәареи уи иадҳәалоу «Аԥсны Аҳәынҭқарра азкәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» азкәанапроектгьы уахь иналаҵаны.

Арҭ азакәанԥҵаратә аԥшьгарақәа рылацәажәара иалахәын «Аҳәынҭқарратә кадастртә палата» Аҳәынҭқарратә усбарҭа адиректор Ҭемыр Сангәлиеи Адгьылхархәареи акадстри рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Адамыр Аҳәба.

Аихшьалақәа рыла адепутатцәа Апарламент ааигәа имҩаԥысраны иҟоу асессиа аилатәараҟны аҩбатәи аԥхьараан адкылара рабжьгазааит ҳәа азыӡба рыдыркылеит.

 


Read 252 times - Асабша, 26 Абҵара 2022 14:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.