АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Абҵара.2022

АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АҾЫ АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ ИРЫБЖЬОУ АУСЕИЦУРА ИАДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума аҿы Аԥсны ахаҭарнакцәа алархәны Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара атуризм аусхкы аҿы  аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы рылацәажәара мҩаԥысит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟанаҵеит Аԥсны атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.

Аиԥылара рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩцәа Владислав Даванкови Шолбан Кара-ооли, атуризми атуристтә инфраструктура аҿиареи рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аилак ахантәаҩы Сангаџьи Тарбаев, Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара-Апарламент адепутат, аҳәынҭқарратә зинтә политикеи атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы алахәыла Адгәыр Ҳаразиа, Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба.

Аиԥылара Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә еизара Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володин Аԥсныҟа иаара аԥхьа Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩцәа Шолбан  Кара-ооломи Владиславом Даванкови раԥшгарала имҩаԥысит.

Аиԥылара аҿы Аԥсны атуристтә усхкы аҿиара, иарбоу аусхкы аинвестициақәа ралагалара, Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аларгара, урыстәыла-аԥснытәи аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра арежим армариара, уҳәа ирыдҳәалаз азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Урыстәылатәи аган имҩаԥысраны иҟоу Виачеслав Володин Аԥсныҟа иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, атуризм аусхкы аҿы Аԥсни Урыстәылеи русеицура ахырхаҭақәа ралкаара акыр аҵак ду аҵоуп.

Аиԥылара аҿы ишазгәаҭаз ала, Урыстәылаеи Аԥсни ртәылауаа рыла аиҭанеиааира  азы аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа рхархәара хымԥадатәны иҟам.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Адгәыр Ҳаразиа урыстәылатәи иколлегацәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит аиԥыларазы, иара убас Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа акыр шықәса инеиԥынкыланы аимабзиаратә аизыҟаазашьақәеи, еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аҩганк еицырзыфеидоу аусеицура рыбжьоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара иҳабжьоу аҳәаа ҿыцгас иҟаҵаны аҽеиҟәыҭхара алҳмыршароуп. Аԥсни Урыстәылеи аҳәаа ахьчара азы аиқәшаҳаҭра анрыбжьарҵоз, урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа Ԥсоу аӡиас ала ицо аҳәаа аҿы игылазаауеит ҳәа акәӡам ишарбаз, урҭ Егры аӡиас ала Қырҭтәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәаа аҿы игылазаауеит ҳәа акәын уи иарбаз. Аха аус аҿы ус акәымхеит. Убасҵәҟьа иҟалеит аҳазылхра азы аиқәшаҳаҭра аганахьалагьы», - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат аҩҳәынҭқаррак рыбжьара, атуризм аусхкы уахь иналаҵаны, аҩганк рзы ифеидоу аизыҟазаашьақәа анаҩстәи рыҿиара дадгылоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Уи иажәақәа рыла, асовет аамҭақәа рзы хра злоу аҟазшьа змоу аусқәа маҷымкәа иҟаҵан. Аԥсны акурортқәа рыхьӡ-рыԥша ахара инаҩуан. «Сара сгәаанагарала, усҟан иҟаҵаз хра злоу аусқәа, иахьа ирхынҳәтәуп. Аԥсни Урыстәылеи ахаангьы еизааигәаз ҳәынҭқаррақәан»,  –  ҳәа иҳәеит Адгәыр Ҳаразиа.

Адепутат иара убас аҳаирбаӷәаза атема дазааҭгылеит, уи аиҭашьақәыргылареи аус аруреи Аԥсныҟа иаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара ацҵара иацхраауеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба аиԥылара азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.

«Аԥсни Урыстәылеи атуризм аусхкы аҿы русеицура уалацәажәозар, урҭ 150 шықәса рхыҵырц акгьы шагым азгәаҭатәуп. Асовет аамҭақәа раан Гагреи Пицундеи ркурортқәа актәи аҭыԥ аҿы игылан. Зегьы реиҳа аҳәынҭқарратә дачақәа асовет аамҭазы иахьыҟаз Аԥсны акәын. Уи иреиҳаӡоу амаҵурауаа рҳәынҭқарратә дачақәа ракәын, сара сгәаанагарала, уи машәыршақә иҟамлаӡеит», – ҳәа иҳәеит аминистр. 

Ҭеимураз Хишба иажәақәа рыла,  Аԥсны аиҳарак иаҭаауа урыстәылатәи атуристцәа роуп.

«Урыстәыла ҳара адгылара дуӡӡа ҳанаҭоит, ҳаргьы, жәаҳәарада, урыстәылатәи атуристцәа роуп аиҳарак ҳаззыԥшу. Аԥсны уаанӡа еиԥш уажәгьы асасцәа радыԥхьалара алшоит. Аԥсны зхаҭабзиара ҳараку аӡрыжәтә меигӡарах иҟоуп. Акастатә ҳаԥқәа рацәоуп, адунеи аҿы иҟоу зегь реиҳа иҵаулоу аҳаԥқәа 10 рҟынтәи 4 ҳаԥык Аԥсноуп иахьыҟоу. Аԥсны Амшын Еиқәа аԥшаҳәа иаҵанакуа атәылақәа зегьы рҿы аасҭа аҳауа ԥхоуп. Араҟа ҭоурыхла ишышьақәгылахьоу еиԥш, асасдкылара ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭоит, асас даара пату иқәырҵоит, уи ҳәарада атуризм аҿиара азы акырӡа аҵанакуеит», - ҳәа иҳәеит Ҭеимураз Хишба.

Аминистр Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ириҭаз адыррақәа рыла, 2021-тәи ашықәс аибашьрашьҭахьтәи Аԥсны иаҭааз атуристцәеи аԥсшьаҩцәеи рхыԥхьаӡара ала ипрецедентдоу шықәсны иҟалеит.

«Миллионки бжаки рҟынӡа ауаа аҭааит ҳреспублика, убри аан иазгәаҭатәуп, ҳтәыла аҿы инхо ауааԥсыра рхыԥхьаӡара   245 миллион ҩык рҟынӡа ишынаӡо», – ҳәа иазгәеиҭеит Ҭеимураз Хишба. 

2022-тәи ашықәс азы акәзар, аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа (лаҵарамзеи рашәарамзеи ӡысаамҭаны иҟалеит) ирыхҟьаны, ҳреспублика иаҭааит  1 миллионк аҵкьыс маҷк еиҳаны аԥсшьаҩцәа. 

Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа атема дазааҭгыло, Аԥсны атуризм аминистр «Белорусиеи Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәаа аиасра арежим акыр ирмариоуп, аха убри аамҭазы, Белоруссиеи Польшеи ирыбжьоу аҳәаа Белоруссиа аган ауп ахьчара назыгӡо, ҳара ҳҿы, Ԥсоугьы Егрыгьы урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа гылоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Аԥсныҟа азеиԥштәылуаҩратә урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы ала уаар алшоит, ҳара ҳҿы амааҭ ауп аус зуа, аурыс бызшәа аԥсуа бызшәа еиԥш аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы еиԥш егьырҭ аусбарҭақәа рҿы ахархәара амоуп. Ҳара есымша Урыстәылантәи асасцәа рбара гәахәарыла иҳадаҳкылоит», - ҳәа иҳәеит иара. 

Аԥсны аинвестициақәа ралагалара иаԥырхагоузеи ҳәа урыстәылатәи адепутатцәа иҟарҵаз азҵаара аҭак ҟаҵо, Ҭеимураз Хишба атәыла аҿы аинвестициақәа рзы иманшәалоу аклимат аԥҵоуп ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Уи моу, аинвестор 70 млн. мааҭ иреиҳаны ианалеигало, уи ишәахтәқәҵара  50 процент рыла иагырхахоит, аинвестициа аҳасабала иалеигало аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ еиҳазар, усҟан уи 8 шықәса рҟынӡа ашәахтәқәҵра аҟынтәи зынӡа ихы дақәаиҭхоит», – ҳәа адырра ҟаиҵеит иара.

«Џьоукы Аԥсны адгьыл аҭира азы азин аҟамзаара азҵаарақәа рацәаны ирызцәырнагоит, аха Урыстәыла уи еилкаарала иазнеиуеит ҳәа агәыӷра сымоуп.  Уи ҳҳәынҭқарра ахьчара иазку амеханизм акәны иҟоуп. Ҳара ҳтәыла даараӡа ихәыҷуп, уи ҳаиҷаҳауеит. Ҳара атәыла аҩныҵҟагьы адгьыл аҭира азин ҳамаӡам», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.

Аҵыхәтәнтәи ашықәсқәа рзы атуризм аусхкы аинвестициақәа ралагалара иааубаратәы иацлеит. Аобиект дуқәа рыргылара иалагеит, Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа аҿгьы уахь иналаҵаны. Алшықәсантәи аԥсшьара азы алшарақәа ирыцлеит.

Атуристцәа рхыԥхьаӡара иацлар, урҭ раанкыларҭа ҭыԥқәа азхартә иҟоума ҳәа азҵаара атуризм аминистр абас ала аҭак ҟаиҵеит:

«Асовет аамҭа азы Аԥсны иҟоу аԥшьарҭатә обиектқәа рӷьырак алшықәсанык аус руан. Иаагозар, аминералтә ӡқәеи аҳәынҵалахәышәтәреи назыгӡо гагратәи аӡылахәышәтәырҭа аӡынра иаднакылон 800-ҩык, аԥхынра  – 1500- ҩык рҟынӡа. Уажәы уи еиҭа аус ауеит. Очамчыра араион иахьаҵанакуагьы иҟоуп даара ибзиоу аобиектқәа. Алшықәсанык асасцәа рыдкылара ҳалшозҭгьы, мамзаргьы акурорттә аамҭахәҭа аҳәаақәа мызқәак рыла иаҳзырҭбаауазҭгьы, усҟан ҳара еиҳа ирацәаны ауаа ҳадаҳкыларын», – ҳәа иҳәеит иара.

Аҳаирбаӷәаза аганахьала Ҭеимураз Хишба аинвестор дыҟоуп, 2024 шықәса ахыркәшамҭазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара авиаеимадара аиҭахацыркра азԥхьагәаҭоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза иуникалуп ҳәа уҳәар алшоит. Уи ахьыҟоу аҭыԥ Шәачатәи аҳаирбаӷәаза ахьыҟоу аҭыԥтә ҭагылазаашьа аасҭа акыр еиӷьуп. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҳаирпланқәа рыдкылара азы агеографиатәии аклиматтәии аҭагылазаашьақәа акыр иманшәалоуп», – ҳәа иазгәеиҭеит аминистр.

Аганқәа атуристтә усхкы иадҳәалоу егьырҭ азҵаарақәагьы ирылацәажәеит. Аиԥылара аиҩызаратә ҟазшьа аманы имҩаԥысит.


Read 346 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.