АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Абҵара.2022

АҲАЗЫЛХЫҨЦӘА АԤСНЫ АТӘЫЛАУАҨ ИДЫРБАЛАЗ АКЦИАЗАТӘ ДЫРГАҚӘА ЗМАМЫЗ АҬАҬЫН ИМХРА МҨАԤЫРГЕИТ.

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 24 рзы аҳазылхратә Ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» акәандрабати аҳазылхратә еилагарақәеи рҿагылара азы аусбарҭа аусзуҩцәа ироуз аоперативтә дырра ала, Гагра араион Гьечрыԥшь аҳаблаҿы  аусмҩаԥгатә амҩаԥгараан Аԥсны атәылауаҩ даанкыланы инапылеидара гәарҭеит.  

Анапылеидара агәаҭараан иԥшаан, амхрагьы мҩаԥган Аԥсны Аҳәынҭқарра акцизатә дыргақәа змамыз аҭаҭын аалыҵ –  10 600 цыра. 

Иарбоу административтә зинеилагара азы аматериалқәа аусеилыргараанӡатәи агәаҭара азы Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҭҵаареи аҳазылхратә усеилыргарақәеи рыҟәша ахь идәықәҵахеит.


Read 259 times - Асабша, 26 Абҵара 2022 14:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.