АЖӘАБЖЬҚӘА

Items filtered by date: Аԥшьаша, 20 Жәабран 2025

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 23 – 25 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥыслоит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа  аҿы Аиааира агара  80-шықәса ахыҵра иазку иуникалу еиҭаҵуа ацәыргақәҵа «Аиааира Адәыӷба».

Ари адәыӷба аҩныҵҟа еиҿкаау иеиҭаҵуа амузеи иҷыдалкаау аскульптурақәеи амультимедиатә ҭоурыхқәеи рыла игәылҭәаау атематикатә вагонқәа жәба рыла ишьақәгылоуп. 50 инареиҳаны авидеопроекторқәа, 18 авидеоҭӡқәеи 12 асенсортә столқәеи, алашаратәи абжьытәи аеффектқәа рхархәарала, аҭааҩцәа аибашьра аамҭа атмосфера агәылахалара, аибашьра ахҭысқәеи усҟантәи аамҭазы аҭынч аамҭеи хаҭала рнырраҿы ирыцхраауеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 20 февраля 2025. Апсныпресс. Исполняющий обязанности председателя Государственного комитета РА по делам молодежи и спорту Беслан Карчава поздравил абхазских спортсменов с успешным выступлением на соревнованиях международного уровня.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилкы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Беслан Карчаа аԥснытәи аспортсменцәа жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы қәҿиарала рықәгылара рыдиныҳәалеит. 

Убас, ааигәа Египет имҩаԥысыз аԥкьаҭмпыл азы атурнир Egypt j30 Giza аҿы Асҭамыр Кациа  аихацалакытә  ҟазараҩаӡараҿы атурнир араӡнытә аԥхьахәгаҩыс дҟалеит. Аспортсмен Аԥсны абираҟ даҵагыланы  дықәгылон.

Даҽа спортсменк Михаил Џьанба Афедералтә ҵакыра «Сириус» аҳәеилышьра азы Иаарту аԥхьахәгара аҿы ахьтәы медалқәа ҩба игеит.  Аспортсмен 2011 шықәса рзы ииз аҷкәынцәеи 2010 шықәсазы иизи урҭ иреиҳабууи арԥарцәа рыбжьара иреиӷьу аспортсмен ҳәа далкаахеит. 

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа ашәҟәы иҭаргалеит 45 тонна инареиҳаны «ахьтәы» ашәҭ шьыҵәрақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит УА афедералтә ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.

Амимоза, мамзаргьы даҽакала иуҳәазар араӡны лакациа актәи апартиақәа сынтәа егьырҭ аамҭақәа иреиԥшымкәа даара изааны адәықәҵара иалагеит. Раԥхьатәи «ашәҭҭә» декларациақәа алагалан ажьырныҳәамза анҵәамҭазы.  Ишьақәгылаз аԥхарра ашәҭтә сезон заала алагара иацхрааит. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы амимоза аиагара иалагон жәабран аҽеиҩшамҭа инаркны.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.