АЖӘАБЖЬҚӘА

Items filtered by date: Асабша, 15 Жәабран 2025

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа русзуҩцәа Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа раан ауаажәларратә ҭышәынтәалара ахылаԥшра арҭоит.

«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр идҵа инақәыршәаны, жәабранмза 14 инаркны Аминистрра ахатәы еилазаара зегьы ирӷәӷәоу аусура арежим ахь ииагоуп.  

Асааҭ 08:00 рзы, иахәҭоу ауснагӡатәқәа рышьҭахь алхырҭатә ҭыԥқәа алхыҩцәа рзы рышәқәа аадыртит. Аԥсны аҵакыраҿы иҟоу 152 алхратә ҭыԥқәа зегьы рҿы  амилициа аусзуҩцәа алхрақәа хыркәшахаанӡа ауаажәларратә ҭышәынтәалара ахылаԥшра арҭалоит. Алхратә ҭыԥқәа адыркуеит ахәылбаҽха асааҭ 20:00 рзы», – ҳәа адырра ҟаиҵеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Беслан Ҷкадуа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

 

 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит. бхазии проходят выборы президента. Абх. Абх. Абх. Абх. Абх. Абх.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада ҽҳәараанӡатәи иалхрақәа мҩаԥысуеит. Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал.

12:40.  «Москваҟа идәықәҵахеит 4 нызықь биуллетен. Москва ақалақь аҿы абжьыҭаразы абиуллетенқәа рхыԥхьаӡара инацҵаны идәықәҵан. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ аҳәара ҟаиҵеит быжьнызқь биуллетен рзынарышьҭырц, аха акомиссиа иҟанаҵаз аҳасабрақәа ишаадырԥшыз ала, алхырҭатә ҭыԥ 12 сааҭ рыҩнуҵҟа хнызқьҩык иреиҳамкәа атәылауаа рымаҵ аура ауп иалшо.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзақь иахьа имҩаԥысуа Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа инарымаданы Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Ааԥхьара иаҳәоит:

«Иахьа Аԥсны азы акыр зҵазкуа мшуп. Ареспублика аҿы алхрақәа мҩаԥысуеит. Аԥсны атәылауаа аҳәынҭқарра уаҵәтәи амҩа иалырхуа, уи аҭышәынтәалареи аҿиареи шалнаршо.

Алхрақәа рылахәхара иаанаго – утәыла азы аҭакԥхықәра ухахьы агара ауп. Агәра ганы сыҟоуп, дарбанызаалак Аԥсны атәылауаҩ аган аҿы дашзаанымхо иахьа. Ари амш – дазусҭазаалакгьы изы атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш аҿы илагала алаҵара азы зеиӷьаҟам лшароуп.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада иалхрақәа рахь аккредитациа роуит 150-ҩык рҟынӡа ажурналистцәа, ҳәа АКХ аҿы имҩаԥысыз абоифинг аҿы иҳәеит Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы  Дмитри Маршьан. 

Аԥсныҟа 25 тәыла рҟынтәи иааит 100-ҩык инарзынаԥшуа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза  15 рзы Аҳәынҭқарра Ахада ҽҳәараанӡатәи иалхрақәа мҩаԥысуеит. Ашьыжь, асааҭ 8 рзы Аԥсны еиҿкааз  алхратә ҭыԥхадақәа 35 рҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа 152 зегьы аатит.

–  Аҟәа ақалақь аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 9, алхырҭатә ҭыԥқәа 25;

– Гагра араион аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 5, алхырҭатә ҭыԥқәа 29; 

– Гәдоуҭа араион аҿы– алхратә ҭыԥхадақәа 7, алхырҭатә ҭыԥқәа 31;

– Аҟәа араион аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 2, алхырҭатә ҭыԥқәа 8;

– Гәылрыԥшь араион аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 3, алхырҭатә ҭыԥқәа 16;

– Очамчыра араион аҿы  – алхратә ҭыԥхадақәа 6, алхырҭатә ҭыԥқәа 33;

– Ҭҟәарчал араион аҿы– алхратә ҭыԥхадақәа 2, алхырҭатә ҭыԥқәа 8;

– Гал араион аҿы  – алхратә ҭыԥхадақәа 1, алхырҭатә ҭыԥқәа 2.

Алхырҭатә ҭыԥқәа Аԥсны анаҩсгьы ақалақьқәа Москвеи Черқесски иаартуп.

Абжьыҭара иалагаанӡа алхратә ҭыԥхада акомиссиа алахәылацәа анаԥшыҩцәа алархәны алхратә биуллетеньқәа рыԥхьаӡеит.

Урҭ рахьынтә уи азы азинмчы змаз ҩыџьа абиуллетень ахаҿратә ган хыхь, арыӷьарахьала рнапынҵақәа ықәдыргылеит, анаҩс урҭ аҭыԥхадатә алхратә комиссиа амҳәыр аадырхеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Адаҟьа 2 - 2
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.