АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Жәабран.2025

Амилициа аусзуҩцәа Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа раан ауаажәларратә ҭышәынтәалара ахылаԥшра арҭоит.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа русзуҩцәа Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа раан ауаажәларратә ҭышәынтәалара ахылаԥшра арҭоит.

«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр идҵа инақәыршәаны, жәабранмза 14 инаркны Аминистрра ахатәы еилазаара зегьы ирӷәӷәоу аусура арежим ахь ииагоуп.  

Асааҭ 08:00 рзы, иахәҭоу ауснагӡатәқәа рышьҭахь алхырҭатә ҭыԥқәа алхыҩцәа рзы рышәқәа аадыртит. Аԥсны аҵакыраҿы иҟоу 152 алхратә ҭыԥқәа зегьы рҿы  амилициа аусзуҩцәа алхрақәа хыркәшахаанӡа ауаажәларратә ҭышәынтәалара ахылаԥшра арҭалоит. Алхратә ҭыԥқәа адыркуеит ахәылбаҽха асааҭ 20:00 рзы», – ҳәа адырра ҟаиҵеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Беслан Ҷкадуа.

Иара убас амилициа аусзуҩцәа алхратә комиссиа алахәылацәа алхратә докуменнтациа Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ахь ианиаргало ирыцзаауеит. Иааизакны алхратә ҭыԥқәа рҿы ауаажәларратә ҭышәынтәалара иалахәуп 900-ҩык инареиҳаны амилициа аусзуҩцәа.

Иара убас аштатнҭыҵтәи аҭагылазаашьақәа шьақәгылар амилициа аусзуҩцәа рҟынтәи арезерв аԥҵоуп.

«Алхратә ҭыԥқәа рҿы аус зуа амилициа ахатәы еилазаара ахыдҵа хадақәа иреиуоуп:

– ауаажәларратә ҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рышьықәыргылара;

– атәылауаа рыла алхрақәа рҿы ишьақәыргылоу аԥҟарақәа рынагӡара аганахьала алхратә комиссиақәа ацхыраара рыҭара;

– иҟалар зылшо ауаажәларратә ҭышәынтәалара аилагареи алхрақәа реиԥҟьареи алхратә комиссиа аусура аиҵархареи иазырхоу егьырҭ азинеилагарақәеи раан зыԥшра ҟамҵаӡакәа азхьаԥшреи аԥхьырҟәҟәаареи алыршара», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Беслан Ҷкадуа.

Атәылауаа, мамзаргьы алхратә комиссиақәа рнапхгаҩцәа рҟынтәи изеиԥшразаалак агәынамӡареи азашшрақәеи ҳмоуӡацт. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рахь уи азы арзаҳалқәа мааиӡацт.

«Алхратә процесс ҭышәынтәаланы имҩаԥысуеит, алхратә ҭыԥқәа рҿы ҭынчроуп, азакәан еилагарақәа ҳәа акагь арбаӡам», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Беслан Ҷкадуа. 

 


Read 119 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.