АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Жәабран.2025

Урыстәылатәи амчрақәа Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаҩ идепортациа азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Арепатриациа азы  Аԥсны Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа урыстәылатәи амчрақәа рыла ҳџьынџьуаҩ  Иумиҭ Ашәба (Шахин) идепортациа иадҳәалоу ахҭыс дахцәажәеит.

«Иаци иахьеи Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа зхы алазырхәырц сҭахыз ҳџьынџьуаа Аԥсныҟа иааит. Урҭ аҳаирбаӷәаза аҿы (Шәача – АП азгәаҭара) аӡәгьы дырԥырхагамхаӡеит. Иахьа аҳаирбаӷәаза аҿы даанкылан ҳара ҳџьынџьуаҩ – Иумиҭ Ашәба (Шахин)», – ҳәа иҳәеит Вадим Ҳаразиа.

Амҳаџьырра рхыпҵышьра, Аԥсны аџьынџьуаҩ Иумиҭ Ашәба – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран иоуп, изныкымкәа иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь даахьеит.

«Иара Аԥсны атәылауаҩра имоуп 1993 шықәса раахыс. Иара идыруеит аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи. Сара уи сиацәажәон, иара аҳаирплан дазыԥшуп шьҭахьҟа Ҭырқәтәылаҟа ахынҳәразы. Сара исыздырӡом уи иаанкылареи идепортациеи мзыс иамоу атәы.  Сара Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра садҵаалеит иҟалаз аҭагылазаашьа аилкааразы, иара убас Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба сиҿцәажәеит», – ҳәа иҳәеит Вадим Ҳаразиа.

Иара иҟалаз даара игәы ишалсыз атәы иҳәеит, даҽазныкгьы иазгәеиҭеит уаанӡа ари аҩыза шыҟамлацыз.

Арепатриациа азы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахада иара убас иара Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнакыс даныҟаз Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа активла аусеицура шрыбжьаз азгәеиҭеит.

«Ҳара аилибакаара бзиа ҳабжьан», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Барас Кәыџба идепортациа аганахьала акәзар, арепатриациа азы  Аҳәынҭқарратә Еилакы ахада ас еиԥгш аӡбамҭа адкылара ҵаҵӷәыс иамоу атәы иара макьаназы издырӡом ҳәа иазгәеиҭеит.   

«Уажәы амузыкант қәыԥш Барас Кәыџба Ара Аԥсны дыҟоуп. Даара угәы иалсыртә иҟоуп иҟалаз», – ҳәа иҳәеит Вадим Ҳаразиа.

Барас Кәыџба – П. И. Чаковски ихьӡ зху Московатәи аконсерваториа даушьҭымҭуп, даспирантуп.

«Иара даара аҟыбаҩ злоу ҷкәыноуп, Аԥсны арҿиаратә интеллигенциа иреиӷьу ахаҭарнакцәа дреиуоуп.  Иара аҭаацәара бзиа аҿы изҳаит, дшыхәыҷыз иан диԥхеит.  Барас иаб – Али Кәыџба, арепатриант, даара ҳаҭыр-пату зқу уаҩуп. Иҟалаз ахҭыс иахҟьаны Барас ирҿиаратә кариера даара ааха ӷәӷәа аиур алшоит. Сара сгәы иаанагоит ҳара иахәҭоу аилырккарақәа раиуразы иақәнагоу астуктурақәа ҳадҵаалароуп ҳәа».

Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан АКХ апресс-центр аҿы имҩаԥысуаз абрифинг аҿы иара хаҭала иарбоу ахҭысқәа рзы адырра иоуит, аха аофициалла Алхратә комиссиа Хада  ахь Барас Кәыџба иоума, Иумиҭ Ашәба иоума аӡәгьы дадымҵаалаӡеит ҳәа иазгәеиҭеит.

 

 

 

 


Read 191 times - Ашәахьа, 17 Жәабран 2025 12:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.