АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Жәабран.2025

Италиантәи иааз жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа Аԥсны имҩаԥысуа алхрақәа адемократиатә ҟазшьа аманы иаартны имҩаԥысуеит ҳәа иазгәарҭеит.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Италиантәи иааз жәларбжьаратәи анаԥшыҩ Вито Гриттани Аԥсны имҩаԥысуа алхрақәа адемократиатә ҟазшьа аманы иаартны имҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит. 

«Ҳара иацжәацы, жәабранмза  13 рзы Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәараҳасабала алахәхаразы Аԥсныҟа ҳааит.  Ихьа шьыжьы инаркны ҳара ҳарҭаахьеит алхратә ҭыԥқәа ааба. Иазгәасҭарц сҭахуп ҳара иааџьшьаны иазгәаҳҭеит, гәахәарылагьы иҳадаҳкылеит абжьыҭиара алхратә  процесс ахаҭа аиҿкаара аҩаӡара ахьынӡаҳараку, иара аартреи адемократиатә ҟазшьеи ахьынӡаныԥшуа. Абри асааҭ азы изеиԥшразаалак ӷәӷәала аилагарақәа ҳәа акгьы аарԥшӡам», – ҳәа иҳәеит иара.

Вито Гриттани уи иколлегацәеи амш иалагӡаны еиҳаны алхырҭатә  ҭыԥқәа рҭаара ргәы иҭоуп.

«Сара сколлегацәа аӡәырҩы иазгәарҭеит ари алхратә процесс еиҳа адемократиатә ҟазшьа амоуп Италиа аҿы аасҭа ҳәа», – ҳәа иҳәеит иара.

Ахәҭакахьала Италиантәи ауаажәларратә усзуҩ, италиатәи ажурнал «Gente di Bracciano», иара убас есымчыбжьа иҭыҵуа «L'Ortica del Venerdì settimanale» аредактор хада Грациароза Виллани Аԥсны имҩԥысуа алхратә процесс аиҿкаара аҩаӡара ҳаракуп ҳәа иазгәалҭеит:

«Алхыҩцәа активла алхрақәа рхы аладырхәуеит, уи иаанаго ауаа иазҿлымҳауп, аинтересс рымоуп ԥхьаҟатәи рԥеиԥш алхра. Иара убас, ҳара иаабеит шәара шәҿы «зегьы сырҿагылоуп» ҳәа аграфа, уи ҳара иааџьаҳшьеит, аха ииашоуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Ҳара ҳҿы уи аҩыза зынӡа иҟаӡам».

Уи лгәаанагарала, атәылауаа рхы иақәиҭны абжьыҭаразы аҭагылазаашьақәеи алшарақәеи  зегьы рзаԥҵоуп.    


Read 175 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.