Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокурор Хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа, Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа дахцәажәо, алхратә ҭыԥқәа рҿы аилагарақәа рзы азашшрақәеи арзаҳалқәеи ҳәа акгьы апрокуратура аусбарҭақәа рхь имнеиӡацт, ҳәа адырра ҟаиҵеит. Иара алхрақәа раан апрокурорттә хылаԥшра ихадоу ахыдҵақәа дырзааҭгылеит:
- иааиуа ашшыбӷьыцқәеи арзаҳалқәеи иаразнак рыхәаԥшреи разхьаԥшреи;
- ацәгьоура аҟазаара аҟазшьақәа раарԥшраан, зыԥшра ҟамҵакәа уи азы аматериалқәа агәаҭаразы иақәнагәоу аусеилыргаратә ҟәшеиҵақәа рахь рынашьҭра.
«Арзаҳалқәа зегьы рыла инҭырҳәцааны агәаҭара мҩаԥгахоит, ианаҭахха аамҭазы ахархәара аиуеит апрокурорттә хылаԥшра иадҳәалоу ауснагӡатәқәа ркомплекс», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Дамир Кәыҵниа.
Иара иажәақәа рыла, абжьыҭиратә ҭыԥқәа раартра инаркны араионқәа рыпрокуратурақәеи апркуратура Хада аппарат Хадеи русуҩцәа зегьы рҭыԥқәа рҿы иҟоуп, аҷаԥшьарақәа еиҿкаауп.
Дамир Кәыҵниа араионқәа рыпрокурорцәа алхрақәа рымҩаԥгараан азакәанқәа рықәныҟәара ахылаԥшра арӷәӷәара азы азԥхьанҵа рызҭо Ақәҵара ажьырнаҳәамза 16 рзы иҭыжьын ҳәа иҳәеит.