АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Жәабран.2025

Алхыҩцәа рактивреи иаарту алхратә процесси – Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа Лӡаа ақыҭан еилагарада имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Милана Жьиба/. Гагра араион Лӡаа ақыҭан, Аԥсны иахьаҵанакуа зехьынџьара еиԥшҵәҟьа, иахьа акыр зҵазкуа мшуп – Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа. Алхратә ҭыԥхада №10 алхырҭатә  ҭыԥ №1 ахьыҟоу аҭыԥантәи Администрациа ахь шьыжьы инаркны ауаа ааира иаҿуп.  Лӡаа ақыҭан ашәҟәы иҭагалоу, аха ареспублика егьырҭ араионқәа рҿы инхо аӡәырҩы ртәлауаҩратә уалԥшьа анагӡаразы – алхрақәа рылахәхара азы мацара арахь иааит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы ҳаҟан саҳәшьцәеи сареи.

Алхырҭатә ҭыԥ аҿы иҟоуп абжьыҭира амҩаԥысшьа иахылаԥшуа анаԥшыҩцәа. Акамера шыску ангәарҭа, урҭ араҟа аҭыхра шыҟамло азы азгәаҭа ҟаҵо исыдгылеит, аха аккредитациатә аршаҳаҭга андсырба ашьҭахь сара абжьыҭиара амаӡара аилгарада, абиуллетенқәа рхарҭәаара апроцесс ҭымхыкәа, азеиԥш ҭыхымҭақәа рыҟаҵаразы азин сырҭеит.  

Анаԥшыҩ Сабина Долбаиа алхыҩцәа иаадырԥшуа активра азгәалҭеит.  10-тәи алхратә ҭыԥхада аҿы асааҭ  14:00 рзы рыбжьы арҭахьеит асиа иану алхыҩцәа реиҳараҩык. Алхратә Ҭыԥхада аатит ашьыжь, асааҭ 08:00 рзы, шьыжьы инаркны иаауа иалагаз алхыҩцәа рыдыркылоит . Абри асааҭ азы аилагарақәа аарԥшӡам.

Сара сгәылацәеи сқыҭауааи алхрақәа рылахәхара иаҵоу аҵакы ахадара еилыркаауеит. Абиуллетенқәа рҿы иқәгылоуп хә-ҩык акандидатцәа, алхыҩцәа доусы еиҳа иалыркааз, зыпрограмма еиҳа иргәаԥхаз, еиҳа ирзааигәоу далырхыртә азы азини алшареи рымоуп.  Лӡаа ақыҭа аҿы инхо ауааԥсыра иалырхуа Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсни уи ажәлари реизҳазыӷьара азы еффективла аус иулоит ҳәа агәыӷра рымоуп.


Read 173 times - Ашәахьа, 17 Жәабран 2025 10:29
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.