Items filtered by date: Ахаша, 20 Абҵара 2024
Валери Бганба Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа наигӡалоит.
Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба «Ареспублика Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо изы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
«Ареспублика Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара (Анапхгара) азы» Аконституциатә закәан инақәыршәаны Бганба Валери Рамшьыхә-иԥа аԥыза-министр инапынҵақәәа рынагӡара идҵоуп. Ари амаҵураҿы иара диԥсахит Александр Анқәаб.
Аԥсны аминистрцәа Реилазаара ахада ԥхьатәара дышьҭуп.
Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба «Ареспублика Аԥсны аԥыза-министр ԥхьатәара ишьҭра азы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аусԥҟа аҿы иаҳәоит:
««Ареспублика Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара (Анапхгара) азы Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 7 инақәыршәаны:
Бадра Гәынба аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа напхгара зырҭо ахырхарҭақәа рыла аусура шцо азы адырра ҟарҵеит. Аилатәара аҿы иахьатәи амш азы еиҳа актуалра злоу, Урыстәылантәи акоммерциатә шьаҭала иаауа афымцамч азы ашәатәқәа ианаамҭоу рымҩаԥгара азҵаара иалацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Бадра Гунба провел совещание с вице-премьерами
Сухум. 20 ноября 2024. Апсныпресс. Исполняющий обязанности президента Бадра Гунба провёл совещание с первым вице-премьером, министром энергетики и транспорта Джансухом Нанба, вице-премьером, министром экономики Кристиной Озган, и вице-премьером, министром финансов Владимиром Делба.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа 32 шықәса ахыҵит.
Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәаахьчаратә Усбарҭа 32 шықәса ахыҵит. Аԥсны аҳәаахьчаратә архәҭақәа Аԥсны Адҵаҟаҵаҩ Хада Владислав Арӡынба иҭижьыз Аусԥҟа ала иаԥҵахеит абҵарамза 20, 1992 шықәса рзы. Зеилазаара 120-ҩык асолдаҭцәеи 30-ҩык офицарцәеи рыла ишьақәгылаз аотриад Ԥсоу аӡиас ала инагоу Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара рыдҵан.
Иахьа Аҳәаахьчаратә Усбарҭа иахьаҵанакуа Аусбарҭа анапхгаҩы Рустам Латипов инапхгарала ари арыцхә иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Абҵарамза 20 рзы иазгәарҭоит адунеизегьтәи ахәыҷы Имш.
Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 20 рзы иазгәарҭоит адунеизегьтәи ахәыҷы Имш.
Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы Иану Мактина Џьынџьалԥҳа ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи рандуцәеи рабдуцәеи абҵарамза 20 рзы иазгәарҭо Адунеизегьтәи ахәыҷы Имш рыдылныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Гәык-ԥсыкала ахәыҷқәа зегьы ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, бзиа избо аҭаацәа, иҭәы-иԥха иҟоу аҩнаҭа, агәырӷьареи анасыԥи рыла игәылҭәаау ахәыҷра, аԥеиԥш бзиа.
Иҭыжьуп Анатоли Лагәлаа ахәыҷқәа рзы ииҩыз ажәабжьқәа реизга «Арбаӷь ҟаԥшь».
Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иҭыжьуп Дырмит Гәлиеи Таиф Аџьбеи рхьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиақәа рлауреат, ажурнал «Алашара» аредактор Хада Анатоли Лагәлаа ахәыҷқәа рзы ииҩыз ажәабжьқәа реизга «Арбаӷь ҟаԥшь».
Зтираж 500 екземплиар рҟынӡа инаӡо ари ашәҟәы аҭыжьра алыршахеит агәыҳалалратә Фонд «Амшра» иҟанаҵаз адгылара иабзоураны. Ашәҟәы ахь аллиустрациақәа ҟаиҵеит Гарри Дочиа. Аизга жә-жәабжьк рыла ишьақәгылоуп.
Аԥсны жәлар рпоетесса Нелли Ҭарԥҳа иахьа лыԥсы ҭазҭгьы илхыҵуан 90 шықәса.
Аҟәа. Абҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 20 рзы — раԥхьатәи аԥсуа поетесса, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аԥсны ахәыҷтәы Фонд аԥҵаҩы Нелли Золотинска-иԥҳа Ҭарба (20.11.1934 – 29.01.2014) диижьҭеи 90 шықәса ҵит.
Нелли Золотинска-иԥҳа диит абҵарамза 20, 1934 шықәсазы Дәрыԥшь ақыҭан.
Дәрыԥшьтәи ақыҭашкол хьтәы медалла даналга ашьҭахь 1954 шықәсазы дҭалеит М.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Институт афилологиатә факультет. Аҵараиурҭа даналга ашьҭахь лара акыр шықәса аҳәынҭқарратә ҭыжьырҭа «Алашара» аҿы аредакторс, анаҩс адиректор ихаҭыԥуаҩыс аус луан. Лара аредакторра, ашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа аҭыжьразы аиқәыршәара, Аԥснытәи ашколқәа рырҵагатә литература аиқәыршәара акыр аџьабаа адылбалахьан. Акьыԥхь аҿы лажәеинраалақәа раԥхьаӡа акәны ицәырҵит 1952 шықәсазы. Раԥхьатәи лажәеинраалақәа реизга «Бзиа избоит амҩа» («Я люблю пути-дороги») 1955 шықәсазы иҭыҵит. Аамҭак ашьҭахь уи иашьҭанеиуеит ашәҟәқәа «Ааԥынра агәы», «Ақәыԥшреи агәҭыхеи», «Аԥа», «Бзыԥтәи аповест» уҳәа убас ирацәаны.