
pressadmin-2
32 шықәса раԥхьа ақырҭуа гвардеиццәы аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аԥсуаҭҵааратә Инситути рыблит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 32 шықәса раԥхьа, жьҭаарамза 22 рзы, ақырҭуа гвардеиццәа Аԥснытәи архив Хадеи Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи анаука-ҭҵааратә Институти рыблит. Аԥсны архив Хада ацәыӡқәа акыр идуун. XIX ашәышықәса аҩбатәи азыбжа инаркны Аԥсны иҭыҵуаз агазеҭқәа, ашәҟәқәа, афондқәеи архивтә материалқәеи зегьы аиҭашьақәыргылара алымшо иблит.
Атуристтә дәыӷба «Риҵа» Аҟәаҟа иааит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристтә дәыӷба «Риҵа» ашьыжь шаанӡа, жьҭаараза 22 рзы Аҟәатәи авокзал ахь инеит. Асасцәа ирԥылеит амилаҭтә кәашарақәеи ачеиџыкеи рыла.
Адәыӷба иацуп ҳаамҭа иақәшәо 19 вагон, аресторан-вагони, аҽыкәабарҭа вагони уахь иналаҵаны. Иара убас апассаџьырцәа ргәы иаамыхәар залымшеит араҟа иҟоу асауна зцу СПА-вагонгьы. Апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара – 150-ҩык рҟынӡа инаӡоит.
Атуристтә дәыӷба Москва – Новороссиск – Ростов-на-Дону – Шәача – Гагра – Аҟәа амаршрут ала жьҭаараза 18 рзы амҩа иқәлеит.
Харитон Агрба 67 кьыла иҟоу апрофессионалцәа рыбжьара адунеи ачемпион ҳәа атитул аиуразы аиндаҭлара ихы алаирхәуеит.
Ҭамаз Кьецбеи Геннади Кожухари Ауаажәларратә Палата алахәылацәас иалхуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 23 рзы Ауаажәларратә Палата аҿы имҩаԥысит апленартә еилатәара. Араҟа «Ареспублика Аԥсны Ауаажәларатә Палата азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан инақәыршәаны, иваканттәу аҭыԥқәа рхарҭәааразы аконурстә лыԥшаара апроцедура ала имаӡоу ареитингтә бжьыҭирала Ауаажәларратә Палата аилазаарахь иалххеит:
Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Аконтрольтә Палата ахантәаҩы диԥылеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны Аконтрольтә Палата 2024 шықәсазы аусура аплан анагӡара иазкхеит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Аконтрольтә Палата ахантәаҩы Каха Пертаеи реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апарламент апресс-маҵзура.
Аиԥылараҿы ирылацәажәеит агәаҭарақәа рымҩаԥгара, имҩаԥысуа агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа изаамҭанытәиу рҭагылазаашьа, иара убас ԥхьаҟатәи аусуразы азԥхьагәаҭарақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.
Урыстәыла аекономикатә ҿиара Аминистрра ахаҭарнакцәа Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара иахьаҿу иаҭааит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач зхадараҿы дыҟоу аделегациа ахаҭарнакцәа аҩаша, жьҭаарамза 22 рзы Аҟәа ақалақь, ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара иахьаҿу иаҭааит.
Жьҭаарамза 27 рзы Аҟәа ақалақь амҩақәак рҿы атранспорт аныҟәара аганахьала аԥкрақәа алагалахоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаараза 25 – 27 рзы «Аҟәа-Марафон» аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыслоит.
Жьҭаарамза 27 рзы 42,2 км., 21,1 км., 5 км. рҟынӡа инаӡо адистанциақәа рҿы амарафон алахәылацәа еиҳабацәа рыҩҩрақәа мҩаԥысуеит. Убри инамаданы, аҳҭнықалақь амҩақәак рҿы атранспорт аныҟәара аԥкрақәа алагалахоит, ҳәа адырра ҟаиҵеит Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ныгәзар Чычба.
Амаршрутқәа зегьы рыла атроллеибусқәа рныҟәара аанкылахоит.
Аҭынчра апроспект ала зынӡа автотранспорт аныҟәара аанкылахоит.
Адлеиба имҩа ахәҭак аҿы, аангыларҭа «Ауарашршыга зауад» аҟынтәи Адлеиба имҩа аҟынӡа. Иарбоу амҩа ахәҭа аҿы аамҭала ганкахьлатәи, цәаҳәак ала аныҟәара шьақәыргылахоит.
Имам Шамиль имҩаеихысырҭа инаркны Аҭынчра апроспект аҟынӡеи Аҭынчра апоспект аҟынтәи Лакоба имҩа аҟынӡеи.
Лакоба имҩала асасааирҭа «Интер-Сухум» аҟынтәи «Ацҳа Ҟаԥшь» аҟынӡа атранспорт аныҟәара аԥкрақәа алагалахоит.
Аныҟәараан амҩа арымарахьтәи ацәаҳәа атранспорт иазкхоит, арӷьаратәи – амарафон алахәылацәа рзы.
Коӷониа имҩала инхо, иара убас уи иазааигәаны инхо ауааԥсыра рзы Џьонуа имҩеи Аршба имҩеи рыла аныҟәаразы апунктқәа аартхоит.
Бадра Гәынба «Аҟәа-Марафон» аҽазыҟаҵара азҵаарақәа ирызкыз аилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аҳҭнықалақь аҿы жьҭаараза 25 – 27 рзы имҩаԥысраны иҟоу «Аҟәа-Марафон» аҽазыҟаҵара азҵаарақәа ирызкыз аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аилатәара рхы аладырхәит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭондил Сурманиӡе, ақалақьтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи аусмҩаԥгатә аиҿкааратә Еилакы алахәылацәеи.
Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ амассатә спорттә усҩаԥгатә амҩаԥгара аҵак ду шаҵоу азгәеиҭеит. Ас еиԥш иҟоу амарафонқәа адунеи атәылақәа жәпакы раҳҭнықалақьқәа рҿы лассы-лассы еиҿкаахоит. Уи иажәақәа рыла, згәабзиара иацкаԥшны анхашьа апропаганда аҟаҵара адагьы, амарафон атәыла аимиџь ашьҭыхра аҿы акыр зҵазкуа ароль нанагӡоит. Бадра Гәынба иара убас аусмҩаԥгатә аиҿкаара, азинеиҿкаара аиқәыршәареи иара убас уи алахәылацәа ршәарҭадара алыршареи рзы иахәҭоу зегьы аҟаҵара азы ааԥхьара ҟаиҵеит.
Аԥсны аҿари аспорт рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба иажәақәа рыла, жьҭаарамза 27 амш актәи азыбжазы Аҟәа ақалақь мҩадуқәак рҿы аамҭалатәи аԥкрақәа алагалатәхоит, Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи амарафон рхы аладырхәраны иҟоуп 700-ҩык инареиҳаны. Ирзыԥшуп иара убас Белоруссиеи Ҟазахсҭани рҟынтәи алахәылацәа. Жьҭаарамза 26 рзы иҩаԥысраны иҟоуп еиуеиԥшым адистанциақәа рыла ахәыҷтәы еиԥхныҩларақәа, жьҭаарамза 27 рзы амарафон иацырҵоит аиҳабацәа. Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысраны иҟоуп амилаҭтә чысқәеи аҩи рфестиваль, аҭыԥантәи аҭыжьыҩцәа раалыҵ ацәыргақәҵа, иара убас аԥснытәи арҿиаратә коллективқәа злаху аконцертқәа.
Амарафон апрограмма иалагалоуп 42,2 километр рҟынӡа инаӡо адистанциаҿы аҩра, уи иахҟьаны жьҭаарамза 27 амш актәи азыбжазы Аҟәа ақалақь аҿы автотранспорт аныҟара амаршрутқәа ԥсахтәхар акәхоит. Хазы игоу амҩақәа рҿы аамҭала амашьынақәа рныҟәара аганахьала аԥкрақәа алагалахар алшоит. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут амҩақәа рҿы ашәарҭадара аиҿкаараҿы Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра егьырҭ аҟәшеиҵақәа русзуҩцәа рыцхраалоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Алеқсандр Хохоликов аиубилеитә медал «Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра – 30 шықәса ахыҵра» ианашьоуп.
Аԥснытәи ашьапылампыласыҩцәа зымаха-зышьаха еибгам аинвалидцәа рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы атурнир аҿы ҩ-иааирак ргеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы, жьҭаарамза 21 – 27 рзы имҩаԥысуеит иҭахаз Аԥсны ахьчаҩцәа ргәалашәара иазку зымаха-зышьаха еибгам аинвалидцәа рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы Жәларбжьаратәи атурнир «Аиааира Ахраҿа».
Иахьа, жьҭаарамза 23 рзы имҩаԥысит Барнаули Аԥсни ркомандақәа рыбжьара аматч. Аԥснытәи ашьапылампыласыҩцәа асчиот 4:2 ҳәа иаиааит.
Жьҭаарамза 22 рзы еиԥылеит Аԥсни Кемерови ркомандақәа. Асчиот 8:1 ала аиааира ргеит аԥснытәи аспортсменцәа.