АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Цәыббра.2025

Очамчыра ақалақь аҿы Витали Дараселиа имузеи аартра азԥхьагәаҭаны ирымоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Қырҭтәыла амедиаҵакыра аҿы Очамчыра ақалақь, еицырдыруа ашьапылампыласҩы Витали Дараселиа дахьиз, аспорт аҽазыҟаҵара дахьалагаз Очамчыра ақалақь аҿы ихьӡ зху амузеи дырбгеит ҳәа имцырку аинформациа аладырҵәоит.

Убри инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит Очамчыра араион Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы аҟәша аиҳабы Ҭемыр Ԥачлиа:

«Ахаан иҟамыз узырбгаӡом. Дараселиаа рҭаацәара уаанӡа иахьынхоз аҩны, – ари ахатәы нхарҭоуп, уаҟа иҟарҵо зегьы аԥшәма ихатәы ус ауп. Ари аҩны аҿы ахаангьы амузеи ыҟаӡамызт. Ҳаԥхьаҟа еицырдыруаз ҳџьынџьуаҩ ихьӡала амузеи аартра азы агәҭакқәа шҳамоу – уи ииашоуп».

Ҭемыр Ԥачлиа Очамчыра ақалақь аҿы амемориалтә ӷәы шьақәыргылоуп, иара убас Витали Дараселиа анышә дахьамадоу абаҟа ргылоуп ҳәа адырра ҟаҵеит. Очамчыратәи астадион  алегендартә шьапылампыласҩы ихьӡ ахоуп.

«Иааиуа ашықәс азы еицырдыруаз Очамчыратәи ашьапылампыласҩы диижьҭеи 70 шықәса ҵуеит, ҳара ари аиубилеитә рыцхә инарҭбааны азгәаҭара ҳгәы иҭоуп. Аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыслоит араион аҩаӡараҿы еиԥш,  ареспублика аҩаӡараҿгьы, – ҳәа иҳәеит Ҭемыр Ԥачлиа. – Очамчыраа зегьы ахаангьы изгәдуун Витали Дараселиа. Ҳара иара изкны имаҷымкәа ибзиоу аҳәара ҳалшои – уаҩык иаҳасабалеи ашьапылампыласҩы-аҟаза иаҳасабалагьы».

Ҭемыр Ԥачлиа «иахьа Қырҭтәыла уи дақырҭуан ҳәа аҳәамҭақәа ҟаҵо ҳара уи ихьӡ ҳамхразы аҽазышәарақәа ҟанаҵоит» ҳәа  гәасрала иазгәеиҭеит.

«Ҳара ҳахәҭакахьала иаҳҳәоит: иара даԥсыуоуп, иара иан, иаб, иабду шаԥсыуаз еиԥшҵәҟьа.  Шьҭа ари атема ааныжьтәуп. Витали Дараселиа еиԥш иҟаз ауаа, ус иуҳәар ауазар, милаҭра рымаӡам, урҭ ԥыхьатәи Асовет Еидгыла зегьы хәызмаӡам ҭынхоуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҭемыр Ԥачлиа.


Read 194 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.