Цәыббрамза 1 азы зықьҩыла ҳтәыла ашколхәыҷқәа аҵарахьы ицоит, аӡәырҩы рзы ари амш адырра дуқәа рахь амҩа хацнаркуеит. Џьоукы-џьоукы рзы ари амш адыррақәа рдунеи ахь аныҟәара иацызҵо аамҭаны иҟалоит, актәи акласс ахь раԥхьаӡа зшьаҿа еихызгаз рзы – ари аԥсҭазааратә мҩа аҿы раԥхьатәи аԥышәа ауп, анаҩс рыԥсҭазаараҿы зыхьӡ ахаангьы ирхамышҭуа раԥхьатәи рырҵаҩы лԥылара амш ауп.
Ашкол аҿы ауп аԥсҭазаараҿы ихадоу аилкаарақәа рышьаҭа ахьакуа, ахәыҷқәа адыррақәа рнаҩс, аҩызцәагьы дырҳауеит, ԥхьаҟатәи рыԥсҭазаара рҽазыҟарҵоит. Араҟа иаԥҵахоит даҽа ҭаацәарак – ашколтә ҭаацәара, араҟа инагӡахоит ҳара зегьы иаҳзеиԥшу ахықәкы – здырреи зааӡареи рыҩаӡара ҳараку аԥсуа жәлар рабиԥара ҿыц ашьақәгылара.
Аурокқәа зегьы шәара шәзы анаука, акультура, аҟазара, уҳәа рзы аинтерес зҵоу адыррақәа шәзаазго усмҩаԥгатәқәаны иҟалааит. Шәацәымԥхашьан азҵаарақәа рыҭара, аҭакқәа рыԥшаара, ишәылоу аҟыбаҩ аарԥшра. Ишәдыруаз, шәара шәдыррақәеи шәылшарақәеи роуп шәаԥхьаҟа шәыԥсҭазааратә мҩа ашьақәыргылараан уасхырс иҟало.
Иаадырԥшуа ачҳареи, гәык-ԥсыкала рус азыҟазаареи ирыбзоураны иахьа ахәыҷқәа адыррақәа инаваргыланы ааӡара бзиа роуртә, атәылауаҩ иашаны иҟалартә еиԥш Аԥсадгьыл абзиабара рылаазааӡо ҳара ҳарҵаҩцәа ҷыдала ҭабуп ҳәа раҳәара ахәҭоуп.
Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, ааӡаҩцәа! Гәык-ԥсыкала агәабзиара, агәамч, шәнапы злаку акыр зҵазкуа аус аҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи ачҳареи шәзеиӷьасшьоит. Аҵаҩцәа ракәзар – ирылоу алшарақәа раарԥшреи аԥсҭазаараҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи рыгәҭакқәа зегьы рынагӡареи.
Аҭаацәа зегьы ирзеиӷьасшьарц сҭахуп ачҳареи ари хадара злоу аԥсҭазааратә етап аҿы рхәыҷқәа рывагылареи. Шәара шәхәыҷқәа ирышәҭо абзиабареи агәрагареи – ԥхьаҟатәи рыԥсҭазаараҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи рыҟалараҿы акырӡа иацхраауеит.
Аҵарашықәс ҿыц алагара шәыдысныҳәалоит! Мҩамш!