Items filtered by date: Ахаша, 05 Жьҭаара 2022

Аҟәа. Жьҭаарамза 5,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаара 5, 2022 шықәсазы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 56-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәылатәи Афедерациа, ЕАА рхаҭарнакцәа, ЕЕи ЕАРи, ОБСЕи рыцхантәаҩлара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба зхадараҿы дыҟаз аԥснытәи аделегациа иалахәын: Аԥсны АШәМ ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Заал Хәарцкьиа, Аԥсны ААР аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Мадина Шамԥҳа.

Акраамҭа ашьҭахь имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд ҩ-усутә гәыԥк рформат ала имҩаԥысуан: ашәарҭадареи агуманитартәи зҵаарақәа рзы.

Аԥснытәи аделегация аҽазныкгьы ишьҭнахит амч ахамырхәараз ашәҟәы анапаҵаҩра азҵаара. Қырҭтәылатәи аган аҽазныкгьы мап ацәнакит ари аганахь ала адиалог амҩаԥгара.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа.  Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟа инақәыршәаны, «Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп 15 –ҩык арҵаҩцәа.

Аусԥҟа инақәыршәаны, арҵаҩратә усура аҿы рлагалеи, еиҵагыло аҿар рааӡареи аҵара дырҵареи рҿы рааԥсареи рзы «Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:

АШӘБА Мадона – Аҟәа ақалақь, Н. А.  Лакоба ихьӡ зху Ашьхарыуаа рышкол №10 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы;

АҨӠБА Римма Владимир-иԥҳа – Аацытәи абжьаратәи ашкол адиректор ааӡара-рҵаратә усура азы ихаҭыԥуаҩ;

БАРАҬЕЛИА Заира Нурне-иԥҳа - А. П. Чехов ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №14 аԥсуа бызшәа арҵаҩы; 

ГАБЛИА Роза Фираҭ-иԥҳа – Г. А. Алшәындба ихьӡ зху Бзыԥтәи абжьаратәи ашкол №1 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы; 

ГӘЫНБА Шьулиа Шьыгә-иԥа – Дәрыԥшьтәи абжьаратәи ашкол абиологиа азы ԥыхьатәи арҵаҩы;

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 5 рзы Аидгыларатә ҳәынҭқарра есымша ау зца Акомитет аҿы имҩаԥысит Аидгыларатә ҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Дмитри Мезенцеви Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит асаит  https://www.postkomsg.com

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа.  Жьҭаарамза  5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ахысырҭа «Нагвалоу» аҿы арезервтә хәҭақәеи аоперативтә хырхарҭа змоу аҟәшеиҵақәеи «Восток» алархәны  арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра асаит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Грозныи ақалақь ахадара иҟарҵаз ааԥхьарала Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, уи ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманидзе Чечентәыла аҳҭны-қалақь 204 шықәса ахыҵра азгәаҭара рхы аладырхәуеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.

Аҟәа ақалақь аделегациа ашәҭқәа шьҭарҵеит Чечентәыла актәи ахада, Урыстәыла Афырхаҵа Ахмат-Хаджи Кадыров ибаҟа аҿаԥхьа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқандр Анқәаб аҵарадырра аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа – Арҵаҩы Имш  рыдиныҳәалеит.

Адныҳәаларыҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

"Акыр иаԥсоу арҵаҩцәеи арҵара-ааӡара аветеранцәеи! Гәыкала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Арҵаҩы имш!

Иалшәхыз амҩа, зегь реиҳа иаамсҭашәоу, арҿиареи аҭакԥхықәреи зцу занааҭуп. Хаҭала арҵаҩ иоуп иназыгӡо ауадаҩра зцу, ихадоу аус – еиҵагыло аҿар рааӡареи аҵара дырҵареи.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба напхгара зиҭо апарламенттә делегациа Москва аофициалтә визитла аҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа иаҭааит.

Лаша Ашшба аԥснытәи адипломатцәа ирзеиҭеиҳәеит Афедерациа Ахеилаки Аҳәынҭқарратә Думеи рыҟны имҩаԥысыз аиԥыларақәа ирымоу алҵшәақәа, иалыршоу аиқәшаҳаҭрақәеи апарламенттә еимадарақәа аԥхьаҟатәи рԥеиԥши ртәы. Урыстәылатәи афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аусқәа рзы Аамҭалатәи агәрага Мадина Аҩӡба адепутатцәа ирзеиҭалҳәеит адипмиссиа аусура атәы, иазгәаҭан аԥхьаҟатәи аусеицура аплан.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩратә хьчара, аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәеи аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхреи ирызку аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-аполковник Илиа Денисови реиԥылара

Аиԥылара иалахәын Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанбеи аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниеи.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аҟәатәи ашколқәа рырҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа-Арҵаҩы Имш рыдиныҳәалеит.  

«Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа! Ишәыдысныҳәалоуит шәзанааҭтә ныҳәа-Жәларбжьаратәи Арҵаҩы Имш! Арҵаҩы – ари баша занааҭӡам, ари иреиӷьу аҟазшьеи аҟыбаҩи зныԥшуа азҟазазаароуп! Арҵаҩы дарбанызаалак иԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа ароль наигӡоит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жьҭаарамза 5,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Арҵаҩы имш азы адныҳәалара ҟаиҵеит:

«Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Арҵаҩы имш!

Ари аныҳәа ҷыдала аԥхарра аҵоуп. Дыҟамзар ҟалап раԥхьатәи зырҵаҩы дызгәаламшәо, анаҩс, дасу иԥсҭазаара ашьақәгылараҿы зышьҭамҭа нзыжьыз, анырра бзиа азҭаз.

Арҵаҩы изанааҭ – баша занааҭӡам. Ари миссиоуп, апрофессионализм ду еиԥш, иреиӷьу аҟазшьатә ҷыдарақәа зҭаху.

Ахә ашьара уадаҩуп шәара есҽнытәи шәааԥсара, шәара еиҵашәааӡо ҳҿар ирышәҭо адыррақәа рыдагьы, урҭ рхаҭара ашьақәгылара, идунеихәаԥшра аҳәаақәҵара шәацхраауеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.