АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Жьҭаара.2022

ҚЫРҬТӘЫЛА АҼАЗНЫКГЬЫ МАП АЦӘНАКИТ АМЧ АХАМЫРХӘАРАЗ АШӘҞӘЫ АНАПАҴЫҨРА АЗҴААРА АГАНАХЬ АЛА АДИАЛОГ АМҨАԤГАРА.

Аҟәа. Жьҭаарамза 5,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаара 5, 2022 шықәсазы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 56-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәылатәи Афедерациа, ЕАА рхаҭарнакцәа, ЕЕи ЕАРи, ОБСЕи рыцхантәаҩлара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба зхадараҿы дыҟаз аԥснытәи аделегациа иалахәын: Аԥсны АШәМ ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Заал Хәарцкьиа, Аԥсны ААР аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Мадина Шамԥҳа.

Акраамҭа ашьҭахь имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд ҩ-усутә гәыԥк рформат ала имҩаԥысуан: ашәарҭадареи агуманитартәи зҵаарақәа рзы.

Аԥснытәи аделегация аҽазныкгьы ишьҭнахит амч ахамырхәараз ашәҟәы анапаҵаҩра азҵаара. Қырҭтәылатәи аган аҽазныкгьы мап ацәнакит ари аганахь ала адиалог амҩаԥгара.

Ашәарҭадара апроблема алацәажәараан Аԥснытәи аделегациа аҽазныкгьы агәҭынчмра аанарԥшит Қырҭтәыла арра-еибашьыга лшамҭа аизырҳара иахьаҿу.

Аԥснытәи аделегациа аҽазныкгьы аиҿцәажәарақәа раан ишьақәнарӷәӷәеит Гал ақалақь аҿы МПРИ аформат аиҭахацыркра ишазыхио. 2021 шықәсазы имҩаԥысуаз араунд аҟны Аԥсны ахаҭарнакцәа ари аформат аиҭахацыркраз ажәадгалақәа ҟарҵеит, аха арҭ аԥшьгамҭақәа ҭакда иаанхеит.

Аҩбатәи аусутә гәыԥ аҿы ирзааҭгылан агуманитартә зҵаарақәа.

Изаамҭанытәиу 57-тәи аиҿцәажәарақәа рраунд арыцхә макьаназ ишьақәыргылам, уи азҵаара иаартны иаанхоит.

 

 

 


Read 289 times - Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 22:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.