АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Жьҭаара.2022

ИМҨАԤЫСИТ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИЕИ ИЛИА ДЕНИСОВИ РЕИԤЫЛАРА.

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩратә хьчара, аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәеи аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхреи ирызку аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-аполковник Илиа Денисови реиԥылара

Аиԥылара иалахәын Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанбеи аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниеи.

Ирылацәажәеит ҩ-тәылак рыҟны аиқәырхаратә усбарҭақәа русеицуразы ҷыдалатәи азҵаарақәа, иара убас аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рыҟны аиқәырхаратә ҟәшеиҵақәа раԥхьа иргыланы аҳәаа иаԥну адгьылҵакырақәа рыҟны русураан еиқәшаҳаҭны русеицура азҵаарагьы.

 


Read 288 times - Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 22:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.