Аҟәа. Жьҭарамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Гагра араион Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра амш 30 - шықәса ахыҵра иазкны Гагра ақалақь аҿы имҩаԥысит акциа «Ԥсра зқәым аполк».
Ахореографиатә ансамбль «Гагрыԥшь» иалахәыз амилаҭтә костиумқәа рышәҵаны ақалақь ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз аибашьцәа рфотоахьақәа кны Гагра ақалақь амҩадуқәа ирнысит.
Зынӡа гагратәи ажәыларатә операциа аан иҭахеит 117-ҩык.
Аколонна ахаҿы инеиуан аҽыҩцәа хәҩык, урҭ рахьынтә ҩыџьа иркын Ареспублика Аԥсны абираҟқәа.
Гагра анапхгаҩцәа аколонна «Ԥсра зқәум аполк» иацны ақалақь амҩадуқәа ирнысит.
«Ԥсра зқәым аполк» амаршрут мҩаԥысуан Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа аҟынтәи ақалақьтә стадион аҟынӡа, араҟа аныҳәатә иценарку ақәгылара мҩаԥгахоит.
Аколонна амҩасра иахьаҵанакуаз зегьы аныҟәара Аԥсны аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа рыла иаркын.
Раԥхьаӡа акәны акциа «Ԥсра зқәым аполк» Аԥсны имҩаԥган цәыббрамза 30, 2016 шықәса рзы. Уи рхы аладырхәит ҩ-нызқьи бжаки рҟынӡа ауаа. Аԥсны ауааԥсыра Аҟәа ақалақь Ацҳа Ҟаԥшь инаркны Ахақәиҭра Ашҭанӡа Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы ирыцәҭахази, уи ашьҭахьгьы аибашьраан ироуз ахәрақәа ирыхҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз рыуацәа рфотосахьақәа кны имҩасит.