Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ҳауаажәлар Гагра араион Қырҭтәыла аҳәынҭовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра амш 30-шықәса ахыҵра инамаданы дрыдныҳәалеит.
«Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҭоурых аҿы акырӡа зҵазкуа аетапқәа ыҟоуп. Жьҭаарамз 1-6, 1992 шықәса рзы имҩаԥгаз Гагратәи арратә операциа убарт аетапқәа иреуоуп. Даараӡа ибзианы еимга-еимцарак рыла имҩаԥгаз аоперациа Аиааира агара иахыҵхырҭаны иҟалеит.
Аӷа импыҵакыз Гагра араион ахәҭак ахақәиҭтәра арратә ҵакы адагьы аполитикатә ҵакгьы аман. Ажәыларатә операциа аблокада аԥыхра, иара убри ала аԥсҭазаараҿы ихымԥадатәиу азҵаарақәа рыӡбара алнаршеит, Аԥсны ақырҭуа агрессор иҟынтәи ахақәиҭтәразы ихыҵхырҭаны иҟалеит.
Гагра ахақәиҭтәра амш 30-шықәса ахыҵра ажәлар зегьы ирныҳәоуп, Аԥсадгьыл ахақәиҭра зхы ақәызҵаз аибашьцәа гәымшәақәа ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит. Аиааира хзаазгаз аветаранцәа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит», - ҳәа иаҳәоит аԥыза-министр иҟаиҵаз адныҳәалара атекст аҟны.
Алеқсандр Анқәаб ҳауаажәлар аҭынчра, афырхацәа рхылҵышьра аизҳазыӷьара рзеиӷьаишьеит.