АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Жьҭаара.2022

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АРЕСПУБЛИКА АРҴАҨЦӘА РЗАНААҬТӘ НЫҲӘА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқандр Анқәаб аҵарадырра аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа – Арҵаҩы Имш  рыдиныҳәалеит.

Адныҳәаларыҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

"Акыр иаԥсоу арҵаҩцәеи арҵара-ааӡара аветеранцәеи! Гәыкала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Арҵаҩы имш!

Иалшәхыз амҩа, зегь реиҳа иаамсҭашәоу, арҿиареи аҭакԥхықәреи зцу занааҭуп. Хаҭала арҵаҩ иоуп иназыгӡо ауадаҩра зцу, ихадоу аус – еиҵагыло аҿар рааӡареи аҵара дырҵареи.  

Дарбанзаалак димоуп зегьы иреиӷьеишьо, бзиа иибо арҵаҩы – гәыҳалалрала, баҩхатәра дула иԥсҭазаара ҳәаақәызҵо, ихы дақәгәыӷуа ауадаҩрақәа риааираҿы амҩа иаша дықәызҵо, аԥсадгьыл абзиабара илазааӡо. Шәџьабаа еснагь ҳаҭыр ақәуп, ахә ашьара уадаҩуп.

Ҳаҭыр зқәу арҵара-ааӡара знапы алаку зегьы!

Шәычҳареи, шәыҳалалреи, шәусура гәыкала шәахьазыҟоуи рзы, иахьатәи шәныҳәамш иацзааит агәырӷьареи алахҿыхреи. Шәаԥхьаҟа имариам шәзанааҭтә ус аҿы ишәзыԥшызааит шәџьабаа шәԥызгалаша абаҩхатәра злоу аҵаҩцәа.

Ишәзеиӷьасшьоит аихьӡара ҿыцқәа шәнапы злаку шәус аҿы, иара убас зегь ирыцку агәабзиара, анасыԥ, аманшәалара!"


Read 269 times - Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 22:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.