АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Жьҭаара.2022

АСЛАН БЖЬАНИА РАМЗАН КАДЫРОВ ИИРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Чечентәылатәи Ареспублика Ахада Р.А. Кадыров  Иира амш идиныҳәалеит.

 

Ҳаҭыр зқәу Рамзан  Аҳмаҭ-иҧа!

Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш. Шәара иналукааша политикуп, шәпатриотизмра, иқәшәыргыло ахықәкқәа рынагӡараҟны хеигӡарак ҟамҵакәа ижәбо аџьабааи ирыбзоураны, Урыстәылатәи Афедерациа аҟнеиԥш, уи анҭыҵгьы аҳаҭыр ду шәаԥсахеит. Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Шәара шәнапхгарала Чечентәылатәи Ареспублика иамоу аихьӡарақәа гәахәарала ирыдыркылоит.

Ҳаҭыр зқәу Рамзан Аҳмаҭ-иԥа, гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит аманшәалара, аҭакԥхықәра ду зцу шәусураҿы аихьӡарақәа.

 


Read 290 times - Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 22:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.