АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Жьҭаара.2022

БЕСЛАН ЭШБА: «АРҴАҨЫ – АРИ БАША ЗАНААҬӠАМ, АРИ ИРЕИӶЬУ АҞАЗШЬЕИ АҞЫБАҨИ ЗНЫԤШУА АЗҞАЗАЗААРОУП».

Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аҟәатәи ашколқәа рырҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа-Арҵаҩы Имш рыдиныҳәалеит.  

«Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа! Ишәыдысныҳәалоуит шәзанааҭтә ныҳәа-Жәларбжьаратәи Арҵаҩы Имш! Арҵаҩы – ари баша занааҭӡам, ари иреиӷьу аҟазшьеи аҟыбаҩи зныԥшуа азҟазазаароуп! Арҵаҩы дарбанызаалак иԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа ароль наигӡоит.

Арҵаҩыс аҟазаара акыр имариам усуп, аиҳарак иуадаҩу аамҭақәа рзы. Ҳазҭоу аҵарашықәс азы ҳара акоронавирустә ҿкы чыфмазара апандемиа иахҟьаны еиԥҟьаз абжьааԥнытәи аусура арежим ҳазыхынҳәит. Шәара аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟаз ихарҭәаам адистанциатә ҵара инамаданы ибжьаханы иаанхаз шәҽахьышәыгӡар акәхеит. Ари аамҭа иаҳнарбеит иарбан аамҭазаалакгьы, иарбан ҭагылазаашьазаргьы азы, шәара ишшәылшо ахәыҷқәа адыррақәа рызнагара», – ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәалара аҟны.

Аҳҭнықалақь ахада арҵаҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит русура ламысцқьала иахьазнеиуа, ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара, аҭынчреи аманшәалареи.


Read 266 times - Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 22:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.