10-ноября-2022

АСЛАН БЖЬАНИА: АҲӘЫНҬҚАРРА АЕНЕРГЕТИКАТӘ УСХКЫ АНАПХГАРАҬАРА АҾЫ ИХАДОУ АРОЛЬ ШЫНАНЫГӠАЛАЦ ИНАНЫГӠАЛАРОУП.

Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарреи ауаажәларреи иҭышәынтәалоу рыԥҭсҭазаара иашьаҭаны иҟоуп – амҩақәа, афымцамчмҩангагақәа, ӡыла аиқәыршәара, уҳәа егьырҭ акоммуникациақәа, ҳәа ҩы-шықәсеи бжаки рыла, атәыла Ахадас иҟазаара аамҭа иҭагӡаны имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟаҵо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аҳасабырбатә аамҭа азы Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҿы амҩатә инфраструктура аиӷьтәра азы иҟаҵоу маҷӡам.

Еиҭашьақәыргылоуп 106 километр рҟынӡа амҩақәа, ацҳақәа 6, адгьылҳәазара аганахьала  акыр ашәарҭара зцу  аучасткақәа 5 аҵаргәатә ҭыӡқәа рыла ишьақәыргылоуп. Иарбоу ахықәкқәа рынагӡара иақәхарџьхеит  240 млн. мааҭ.  

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, амҩақәа реиҭашьақәыргылара иалагаанӡа аӡымҩангагатә, аӡҩаршьҭратә, уҳәа уи иадҳәалоу аинфраструктура ишахәҭоу ала аус ауа аҟаҵаразы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргон, анаҩс ауп амҩақәа реиҭашьақәыргылара ианалагоз, ахәҭакахьала акаҭран анышьҭарҵоз.  «Ас еиԥш аус азнеишьа ахәшьара арҭахьеит Аҟәа аԥшаҳәа иаԥну аҭыԥқәа рҿы инхо ауааԥсыра. Урҭ аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа зегьы рзы ақәоурақәеи ақәыршыҩи раан акыр ауадаҩрақәа ирықәшәон, ҳазҭоу ашықәс азы уи аҩыза ауадаҩрақәа рызцәырымҵӡеит, избан акәзар еизо ацәықәбар зегьы ишахәҭоу ала аӡҩаршьҭрақәа рыла ицоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Ӡыла аиқәаршәареи ацрыҵмҩангареи ирызку аусурақәа мҩаԥгоуп. Иааизакны уахәаԥшуазар, 160 километр аҟынӡа аӡымҩангагақәа шьҭаҵоуп.

Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы арыцқьаратә еиқәыршәагақәа шьақәыргылоуп. Афон Ҿыц ақалақь аҿы  ацрыҵмҩангара асистема хада шьақәыргылоуп, уи ирыцқьам ацрыӡқәа амшын ралалара аԥхырҟәҟәаара алнаршоит.

Гәдоуҭа араион ақыҭақәа Ҟәланырхәа, Абгархықә, Жәандәрыԥшь,  Мгәыӡырхәа  рҿы аӡы азы арезервуарқәеи аӡымҩангагақәеи шьақәыргылоуп.

Аиланхарҭақәа Агәыӡера, Гәылрыԥшь, Маҷара, Каштак рҿы аӡымҩангага рҿыцуп.

Очамчыра араион Мықә ақыҭан аӡрыжтә ӡеизакырҭақәа ҩбеи аӡыҵхырҭақәеи ҟарҵеит. Иара убас аӡыҵхырҭа парпантала икылырҵәеит ақыҭа Аныуаархәы аҿы.  

Аҟәа, Ҭҟәарчал, Гагра хазы игоу араионқәа рҿы ӡыла аиқәаршәареи аӡымҩахгагареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара алыршахеит.

Ақалақьқәа рҿы инхо 40-нызықьҩык иреиҵамкуа, иара убас ақыҭақәа рҿы инхо  15-нызықьҩык иреиҵамкәа ицқьоу аӡрыжәтә роуа иҟалеит. Иарбоу ахықәкқәа ирықәхарџьхеит миллиардк мааҭ инареиҳаны.

Миллиардк мааҭ инареиҳаны иақәхарџьын 160 километр акабели афымцамҩангагеи  раахәареи анаҩс уи  афымцатә станциаеиҵақәа 3 шьаҭанкыла реиҭашьақәыргылареи 13 трансформатор раахәареи.

«Ҳара ҳфымцацәаҳәақәа рҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, атыкә аҿы инеины иҟоуп ҳәа уҳәар алшоит. Урҭ реиҭашьақәыргылареи рыҿиареи рзы идуу афинанстә лагалақәа рыда зынӡа лашарада ҳаанхаргьы алшоит.  Убри азыҳәан ауп аенергетикатә система ари аҟара ирацәаны аԥара зақәхарџьхо. Иахьатәи амш азы иҳамоу аенергетикатә инфраструктура 80% рҟынӡа иқәсхьеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.  

Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны ауааԥсыра иахьатәи рыԥсҭазаара иахәҭакны иҟалаз афымцамч ала аиқәыршәара аганахьала аиԥҟьарақәа реиԥш иҟоу, лассы-лассы аенергетикатә нхамҩа аҭагылазаашьа хьанҭа ахҟьаԥҟьақәа ауадаҩрақәа маҷымкәа ирызцәырнагоит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳбиуџьеҭ алшарақәа  рыла ари апроблема аӡбаразы алшара ыҟаӡам. Аенергосистема акризис алгара азы, аспециалистцәа 2017 шықәсазы иҟарҵаз аихшьаалақәа рыла иаҭаххоит 20 млрд. мааҭ, убри аан, Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьеҭ аҿы ахатәы ԥаратә хархәагақәа рыхәҭаа 6,5 млрд. мааҭ рҟынӡа ауп иахьынаӡо», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Ишьақәгылаз аенергетикатә кризис алҵшьас иҟоу  Аҳәынҭқарра Ахада игәаанагарала иарбоу аусхкы аҿы мҽхакы ҭбаала ареформақәа рымҩаԥгареи жәабала амиллиардқәа ралагалареи ауп.

«Аха зегьы ирыцку еицамкрада иаанхароуп.  Уи –  аҳәынҭқарра аенергетикатә усхкы анапхгараҭара аҿы ихадоу ароль шынанагӡалац инаныгӡалароуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.


Прочитано 1104 раз Последнее изменение 12.11.2022
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.