Аҟәа. Абҵарамза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Апарламент ахьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра асистема аусзуҩцәа Амилициа амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Вальтер Сергеи-иԥа!
Шәаргьы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра асистема аусзуҩцәа зегьи аветеранцәеи ишәыдаҳныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа!
Аԥсуа милициа аветеранцәа иаԥырҵаз аҵас бзиақәа рықәныҟәарала, ҳаамҭазтәи ашәарҭарақәа ҳасаб рзуны, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аппарат хада аколлективқәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра ақалақьқәеи араионқәеи русбарҭақәеи рнапы алакуп иуадаҩу, аҭакԥхықәра зцу ауснагӡатәқәа рыӡбара.
Иахьа иҭабуп ҳәа шәаҳҳәарц ҳҭахуп азакәани азинԥҟареи рыхьчараҟны, ҳҳәынҭқарра аинтересқәа реиқәырхаразы имҩаԥыжәго аусуразы.
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарра амилициа аусзуҩцәа ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, рнапы злаку амаҵзураҟны аихьӡарақәа, ҩнаҭацыԥхьаӡа - анасыԥ».